Ԥлиаԥҳа: алхрақәа закәандароуп ҳәа аҳәамҭақәа шыҟалоз аадыруан

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны имҩаԥысыз алхрақәа
Аԥсны имҩаԥысыз алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны имҩаԥысыз алхрақәа азхаҳҵом ҳәа НАТО иҟанаҵаз аҳәамҭазы лгәаанагарала лҳәеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Аԥсны Жәлар реизарахь акандидатцәа ралхра закәандароуп, ҳәа аҳәамҭақәа шыҟалоз аадыруан, лҳәеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа. Аполитолог лажәақәа рыла, зегь раԥхьа иргыланы иҳәатәуп, Аԥсны Жәлар риезарахь алхрақәа даара ицәгьамкәаны имҩаԥысит. Акандидатцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәаз бзиоуп, лҳәеит лара.

"Убри аҟынӡа акандидатцәа рхыԥхьаӡара рацәан, уи иаанаго акоуп — ажәлар ирнырны ирҭахуп Апарламент ахь анеира. Убас иаԥуп, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтә алхрақәа рахь жәларбжьаратәи анаԥшцәа аарыԥхьоит, дара алхрақәа реиҿкаашьа зеиԥшроу гәарҭоит. Егьырҭ реиԥш ҳаргьы еснагь иааҳаԥхьоит анаԥшцәа, сынтәа иҟан Арцахынтә, Приднестровиантәи, Урыстәылантәи, ажәакала имаҷӡамызт. Урҭ зегьы инеицҿакны иазгәарҭеит алхрақәа иманшәаланы имҩаԥысит ҳәа", — ҳәа лҳәеит Далила Ԥлиаԥҳа.

Аполитолог илҳәеит, агәра ганы дшыҟаз Қарҭҭәыла арҭ алхрақәа шрыдрымкылоз.

"Аԥсны алхрақәа изакәанымкәа имҩаԥысит ҳәа рҳәоит ақырҭцәагьы. Ари зҳәо Адәныҟатәи аминистрра, аҳәынҭқарра аиҳабы роуп. Урҭ ирыдгылаз НАТО иамоуп аполитикатә хәҭақәа, аха еиҳарак хырхарҭас ирымоу даҽакуп. Уи зегьы ирыдруеит. Убри аҟынтә алхрақәа иахьрықәшаҳаҭым иџьашьатәӡам, дара ирҳәеит "Қырҭтәыла аганқәа ируаку адгьыл аҟны имҩаԥысит алхрақәа". Арҭ зегьы ирҳәо уи ауп, ақырҭқәа ргәаанагарала, рызнагашьала, Аԥсынтәыла иахьа Урыстәыла иампыҵахалоуп ҳәа рҳәоит. Ари азҵаара ацәажәара ду ахылҿиаахьеит", — ҳәа ацылҵеит лара.

Арҭ ацәажәарақәа Аԥсны иазеиӷьуп ҳәа уҳәар ҟалашьа амаӡам, азгәалҭеит аполитолог.

"Ҳара уеизгьы ҩнуҵҟла ҳаздыруа, аиҿцәажәарақәа ахьцо, Аԥсны азхазҵар зҭаху, аха илак-ҩакуа изы даара ибзиоу усӡам ҳәа сгәы иаанагоит. Иҽеиӡам иҟарҵо ирҳәо, аха уезгьы ҳахәдацәа ыҵкааны ҳазшьо акоуп ҳәа уҳәар иашаӡам", — ҳәа лҳәеит лара.

Далила Ԥлиаԥҳа лгәаанагарала абри закәандароуп ҳәа зҳәо зегьы ибзиаӡаны ирдыруеит алхрақәа рымҩаԥгаразы азин шҳамоу. 

Аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтевиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Иарбан статусзаалакгьы Аԥсны иамаз есымша алхрақәа мҩаԥысуан. Иахьагьы уи ауп ҳазҿу. Дара ирҳәоит шәызхазҵахьо аҳәынҭқаррақәа маҷуп ҳәа, ииашоуп рхыԥхьаӡара маҷуп, аха ҳазхазҵаз аҳәынқаррақәа рук ООН аҟны абжьы ду змоу роуп. Уи аҟынтә иҵегь ҳацԥыҳәаны, ҵакыла, цәаҩа бзиала, дыррала иҳаракны имҩаԥаҳгароуп алхрақәа. Инеиуа-иааиуа ирбартә еиԥш иҭышәантәалоу аҳәынҭқарра шҳаку, ҳаҭырла Жәлар риезарахь акандидатцәа шнаҳго", ҳәа ацылҵеит аполитолог.

Далила Ԥлиаԥҳа лажәақәа рыла, Аԥснытәи аҩнуҵҟатәи проблемақәа роуп акәымзар, анҭыҵынтәи иааины аӡәгьы акы ҟашәымҵеит ҳәа иҳәаӡом.

Ажәабжьқәа зегьы
0