АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik, Бадри Есиава. Аус зуа азакәанԥҵара иалнаршоит алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа иахьыԥхьаӡоу алхырҭатә ҭыԥ № 17 аҟны адепутатрахь акандидатцәа ҿыцқәа рықәгылара. Абри атәы ҳкорреспондент иеиҳәеит ААК (ЦИК) ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.
"Ара алхрақәа ҿыцны имҩаԥгахоит. Азакәан ишазыԥхьагәанаҭо еиԥш алхрақәа мҩаԥгахар алшоит", — иҳәеит иара.
Амзартә план инақәыршәаны алхра ҿыцқәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы ауснагӡатәқәа, аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҭаҩра уҳәа ирылагоит хәажәкыра 25 рзы, ихыркәшахоит –мшаԥымза 14 инаркны лаҵарамза 4 рзынӡа.
Акандидат ацентртә алхратә комиссиахь ирзаҳал аннеига инаркны жәамш рыҩныҵҟа ацентртә алхратә комиссиа акандидат ашәҟәы дҭргалоу дҭарымгалоу азы аӡбра аднакылароуп.
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 26 рзы.
Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ № 17 Гудаҟны аиҭалхра мҩаԥысуеит лаҵарамза 14 рзы.