Барцыц: Апарламент аҟны аполитикатә гәыԥқәа хԥа шьақәгылар алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Барциц
Аслан Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апресс-конференциа "Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рышьҭахь аполитикатә ҭагылазаашьа аҿиара азыԥхьагәаҭара" аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аҟны имҩаԥысит, Аԥсны Ахада Иусбарҭа аексперттә ҟәша аиҳабы Асслан Барцыц иалахәрала.

АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент аҟны аполитикатә гәыԥқәа хԥа шьақәгылар алшоит алхрақәа рышьҭахь иҳәеит Sputnik Аԥсны аҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны, Аԥсны Ахада Иусбарҭа аексперттә ҟәша аиҳабы Аслан Барцыц.

"Сара сшахәаԥшуала Апарламент аҟны иҟалар алшоит акоалициа. Аҩбатәи атур шымҩаԥысуеи, акоалициа аԥҵаразы аус еицызуеи ирхьырԥшны агәыԥқәа хԥа шьақәгылар алшоит", — иҳәеит Барцыц.

Иара иазгәеиҭеит макьаназ ишзаау иарбан коалициақәоу иҟалоу рылацәажәара.

Алхрақәа актәи ртур далацәажәо Аслан Барцыц иазгәеиҭеит аполитикатә капан ду змоу ҳәа иршьоз аӡәырҩы Апарламент ахь ишзымнеиз. Иара иажәақәа рыла уи мзызны иамоу акандидатцәа разыҟаҵара лаҟәи аҿар аԥыжәара агара разыгәышьреи роуп.

"Аҿар активла алхратә компаниа рҽаладырхәит. Ҳара иахьа иаабоит уаанӡа иаҳзымдыруаз ауаа. Ауаажәлар ааԥсазаргьы ҟалоит – еснагь ирбо ахаҿқәа ирыцәхьаҵны аҿыцқәа рахь ихьаԥшзар. Араҟа акы аалкааны мзызны иҟоуп ҳәа узҳәом. Ирацәоуп еидҳәалоу", — иҳәеит иара.

Апарламент ахь алхрақәа актәи атур мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. 22 алхратә ҭыԥ рҟны имҩаԥысраны иҟоуп аҩбатәи атур, алхратә ҭыԥ №17 аҟны аиҭалхра мҩаԥысраны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0