Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барцыц: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа машәырда, гхада имҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Иусбарҭа аексперттә ҟәша аиҳабы Аслан Барцыц
Аԥсны Ахада Иусбарҭа аексперттә ҟәша аиҳабы Аслан Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥысшьеи, уи иахылҿиаауа азҵаарақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аҟны дазааҭгылеит, Аԥсны Ахада Иусбарҭа аексперттә ҟәша аиҳабы Аслан Барцыц.

Апарламент ахь алхрақәа актәи атур мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. 22 алхратә ҭыԥқәа рҟны имҩаԥысраны иҟоуп аҩбатәи атур, алхратә ҭыԥ №17 аҟны аиҭалхра мҩаԥысуеит.

Аԥсны Ахада Иусбарҭа аексперттә ҟәша аиҳабы Аслан Барцыц иажәақәа рыла Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент ахь алхрақәа аимак-аиҿак ахылымҿиаакәа иахьымҩаԥысыз акырӡа аҵанакуеит.

Аслан Барцыц дахцәажәеит иҳаҩсаз Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент ахь алхрақәа

"Иҳаҩсыз алхрақәа аимак-аиҿак рымамкәа имҩаԥысит. Уи даараӡа узыргәырӷьаша усуп. Уи иаанаго акоуп — еиуеиԥшым апартиақәеи, анициативтә гәыԥқәеи рҟынтәи алхрақәа ирылахәыз акандидатцәа рҭакԥхықәра еилыркаауан", — ҳәа иҳәеит Барцыц.

Аексперт иазгәеиҭеит, ажәлар аиҿагыларақәеи, амитингқәеи, агәынамӡарақәеи ргәы шԥнаҵәаз. 

Ажәабжьқәа зегьы
0