Каролина Быҭәԥҳа: цәаҳәак уҩразы аԥсабареи, аамҭеи иугәанарԥхароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКаролина Бутба
Каролина Бутба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 21 - апоезиа Адунеизегьтәии амш азгәарҭоит. Апоет қәыԥш, аҵарауаҩ Каролина Быҭәԥҳа арадио Sputnik аҟны дазааҭгылеит апоезиа ахь дшымҩахыҵыз.

АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ажәеинраалақәа рыҩразы аҟыбаҩ Анцәа иуылаиҵароуп, абри сҩыр сҭахуп ҳәа ишьҭыхны иуызгаӡом, ҳәа лҳәеит апоет қәыԥш Каролина Быҭәԥҳа.

"Ашкол ианҭоу аҩра знапы алазкуа рацәаҩуп, аха уи уқәҿиаразы ажәаҳәа аҭбаара улазар, иуыцзар, жәала иузымҳәо жәеинраалала еиҳа аарԥшра улшар, баҩхатәроуп. Абри иахьа исҩырц сыхәҭоуп ҳәа унатәаны аҩра уалагеит ҳәагьы иауӡом, ус изыҟалаӡом. Аԥсабареи аамҭеи иугәанарԥхароуп цәаҳәак уҩразы", — ҳәа иацылҵеит Быҭәԥха.

Апоет қәыԥш илҳәеит раԥхьатәи лажәеинраала анылыҩуаз ԥшь-класск рыҟны дыштәаз.

"Раԥхьатәи сажәеинраала анызыҩ исгәалашәоит ааԥнын, аԥсабара анышәҭуаз аамҭа акәын "Иааит ааԥын гәырӷьаҵәа" ахьӡын. Уи нахыс исыцааиуазшәа анызба хәыҷы-хәыҷла сҽазыскит. Изныкымкәа ажурнал "Амцабз" аҟны иркьыԥхьхьан сажәеинраалақәа, аамҭаказы иаансыжьхьан, аха уажәы сазыхынҳәит", — ҳәа ацылҵеит лара.

Быҭәԥҳа лажәақәа рыла, жанрала лажәеинраалақәа абзиабаратә лирика иазкуп.

"Еиҳарак аҵыхәтәынтәи аамҭазы изыҩуа абзиабаратә лирика иазкуп. Алитературатә конкурс аҟны сажәеинраалагьы аԥхьахә агеит. Иҟалоит жәа заҵәык џьара иуаҳар хәба-фба куплет ахылҿиааргьы", — ҳәа ацылҵеит лара.

Каролина Быҭәԥҳа лгәаанагарала лырҿиара анырра ду анаҭеит Жәлар рпоет Баграт Шьынқәбеи, ашәҟәыҩҩы Мушьни Лашәриеи рҩымҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0