Ԥлиа: абанк аклиент изы шәарҭара ыҟам

© SputnikАбанкомат.
Абанкомат. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ицәырҵит абанкоматқәа ирыжәло авирус ҿыц. Аԥснытәи абанкоматқәа уи рыҽшацәырыхьчои дара ршәарҭадараз аҭагылазаашьа шыҟоуи арадио Sputnik астудиаҟны иаҳзеиҭеиҳәеит икоммерциатәым аилахәыра "АԤРА" адиректор Леон Ԥлиа.

АҞӘА, хәажәкыра 22— Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Урыстәыла ицәырҵит абанкоматқәа ирыжәло авирус ҿыц. Урыстәыла уи цәырҵызар, Аԥсынгьы ахакертә жәылара иаобиектхар алшоит, иҳәеит икоммерциатәым аилахәыра "АԤРА" адиректор Леон Ԥлиа.

Авирус егьырҭ авирусқәа излареиԥшым, иара абанкомат иҭанагалоит атехникатә цхыраарада.

"Авирус ихьчоу абанктә ҳа иаларгалоит, нас, дара ахакерцәа рымацара ирдыруа адҵала абанкомат аԥароужьра иалагоит", — иҳәеит Ԥлиа.

Авируси ацәгьоуцәеи ирхықәку акартақәа змоу ракәӡам.

"Абанк аклиент изы шәарҭара ыҟам. Ашәарҭара змоу акоммерциатә структурақәа роуп. Ацәгьоуцәа абанкоматқәа ирҭырго аԥарагьы зтәу абанкқәа роуп", — иҳәеит Леон Ԥлиа.

Иара иазгәеиҭеит Аԥснытәи абанктә ҟазауааи урыстәылатәи урҭ рколлегацәеи аимадара шрымоу. Ԥлиа иажәақәа рыла, аԥснытәи абанктә система иамоуп алшара асеиԥш иҟоу авирустә жәыларақәа рҽырцәыхьчаразы.

Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла Абанк аҟны иҟоуп аҟәша ҷыда, асеиԥш иҟоу ажәыларақәа раԥырҟәҟәаара знапы алаку. Аха хаҭала уажә зыӡбахә арбоу авирус аганахьала апроблема ӡбра амам. Аиҳаракгьы асеиԥш иҟоу аоперациақәа мҩаԥыргоит Windows аплотформала аус зуа афирма MCR абанкоматқәа рҟны.

Иахьазы аҭагылазаашьа абас иҟоуп: ацәгьоуҩы абанкомат ахь днеины иара имацара иидыруа акод аирбоит, убри ашьҭахь абанкомат аԥара аужьра иалагоит. Аха иара убри аан абанкқәа ирымоуп ашьҭаԥшратә хархәагақәа. Урҭ ацәгьоуҩы дҭарыҩуеит. Иаанхаз ацәгьоуҩы дыԥшааны ихәҭоу иақәыршәароуп.

Ԥлиа иажәақәа рыла Урыстәыла Абанки егьырҭ акоммерциатә банкқәеи рҟны авирусҿагыларатә центрқәа рҟазауаа апроблема аԥыхра аус адулара иаҿуп.

"АԤРА" адиректор Леон Ԥлиа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтевиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Макьаназы антивирус шьақәыргылам. Убри ауп ҳаргьы ашәарҭара ҳзаҵанакуа. Ишдыру еиԥш абанкоматқәа зегьы абанкоматқәа рсистема амониторинг иаҵанакуеит. Асистема онлаин режим ала абанкомат аҩныҵҟатә информациа иахылаԥшуеит: аԥара заҟа ҭоу мамзаргьы заҟа ҭыгоу зегьы анарбоит. Араҟа аҵакы амоуп атехмаҵзурақәа рреакциа. Иара убри аан аҭагылазаашьа абанкомат иҭоу аԥара ахыԥхьаӡарагьы иадҳәалоуп. Абанкомат аԥара рацәаны иҭазар – ацәгьоуҩы уи аҭыгаразы аамҭа рацәаны иҭаххоит, имаҷны иҭазар – еиҳа ирласны иҭигоит. Ашәарҭара иҭагылоуп абанкоматқәа ахьыҟазаалак. Ҳара ҳҟынгьы ҳәарада ашәарҭара ыҟоуп", — иҳәоит Ԥлиа.

Икоммерциатәым аилахәыра "АԤРА" адиректор Леон Ԥлиа иазгәеиҭеит Урыстәыла асеиԥш афактқәа шыҟалахьоу, Аԥсны акәзар макьаназы усеиԥш хҭыс аҭыԥ шамоуц.

Ажәабжьқәа зегьы
0