Ицәырҵит ашәаԥыџьаԥ ԥхазҭазтәуа аҽа хәацык: апальматә ԥынҵахәхәа

© Sputnik Владимир Бегуновапальматә ԥынҵахәхәа
апальматә ԥынҵахәхәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ицәырҵит ашәаԥыџьаԥ ԥхазҭазтәуа аҽа хәацык: апальматә ԥынҵахәхәа. Ари ахәац апальмаҵла аҩныҵҟа ҭнафаауеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент Владимир Бегунов изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар.

Sputnik, Владимир Бегунов

"Ашыц ҳцәыӡит амцаԥшьхәаҷа иахҟьаны, уажәы иҳазцәырҵит аҽа рыцҳарак – ахәац ҿыц, апальматә ԥынҵахәхәа", — иҳәеит Дбар.

Ахәац аԥагәақәа уажәы аекологиа Аинститут аҟны рыҭҵаара иаҿуп. Араҟа идыргылоит алабораториа ҿыц, архьшәашәарҭатә камера змоу. Аҵарауаа ирыгәҭакуп жәашықәса рҟынӡа аӡра амҩа иану аҵиаақәа ргәаӷьқәа ҵаадыркырц.

© Sputnik Владимир БегуновКоконы личинок пальмового долгоносика, живущие внутри деревьев
Коконы личинок пальмового долгоносика, живущие внутри деревьев - Sputnik Аҧсны
Коконы личинок пальмового долгоносика, живущие внутри деревьев

"—20°С ахьшәашәара ахьыҟоу агәаӷьқәа жәашықәса инарзынаԥшуа рыԥсы шҭоу иаанхоит. Иҟалап усҟантәи аамҭазы амцаԥшьхәаҷа ықәызго џьара акы цәырҵыр. Усҟан иҳауеит алшара ашыц еиҭа арҿиара, аиҭаҳара. Уажәазы ашәарҭа иҭагылоуп апальмақәа. Аԥынҵахәхәа хәац ашыц еиԥш апальмақәа ықәнагар алшоит", — иҳәеит Дбар.

Аҵарауаа раԥхьаӡа акәны апальматә ԥынҵахәхәа азгәарҭеит ҵыԥх.

"Ахәац аԥагәа аҵла аҩныҵҟа иҭалан иҭнафаауеит. Ԥагәак ашықәс ахы-аҵыхәала зықәра наӡахьоу аҵла ду ԥхасҭанатәыр ауеит. Ари ахәац зчычаз аҵла еиқәырхашьа амаӡам", — иҳәеит Дбар.

© Sputnik Владимир БегуновРоман Дбар показывает пальмового долгоносика
Роман Дбар показывает пальмового долгоносика - Sputnik Аҧсны
Роман Дбар показывает пальмового долгоносика

Аҵарауаа уи иаҿадыргылаша аԥшаара иашьҭоуп, аха макьаназы зегь лҵшәадоуп. Европатәи атәылақәа рҟны апальмақәа рхылаԥшра ахарџь рацәаны иахҭнырҵоит. Иаҳҳәап, Испаниа, ҵлак азы шықәсык аҩныҵҟа инырхуеит 500 евро. Аԥсны усеиԥш алшара амам.

Дбар иазгәеиҭеит абри ахәац адагьы ааигәа ишырбаз аҽа цәгьоуҩхәаҷак – уругваитәи апальматә хьычԥаԥыр. Уи апальматә амцаԥшьхәаҷа ҳәагьы иашьҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0