Аҟәатәи абжьаратә школ №6 ашҭаҟны еизеит XVI аспартакиада алахәылацәа. Раԥхьаӡа акәны сынтәа, ашколхәыҷқәа рықалақьтә спартакиада апрограмма иаларҵеит амилаҭтә хәмаррақәа: аҵәы аршәра, аҭыԥ аҟынтә ҵәҩанҵәы аԥара, ахаҳәырԥа, алабоу ахалара. Амилаҭ спорттә хәмаррақәа иҷыдоу амчра, аласра, аццакра рҭахуп.
Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра
Аспортсменцәа ражәақәа рыла зегь раасҭа ирлахҿыхганы ирбаз аҭыԥ аҟынтәи ҵәҩанҵәы аԥароуп, акыр иргәаԥхеит алабоу ахалара, иуадаҩны иршьеит аҵәыршәра.

1/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Раԥхьаӡа акәны сынтәа, ашколхәыҷқәа рықалақьтә спартакиада апрограмма иаларҵеит амилаҭтә хәмаррақәа: аҵәы аршәра, аҭыԥ аҟынтә ҵәҩанҵәы аԥара, ахаҳәырԥа, алабоу ахалара

2/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Абзагә Смыр заҵәык иоуп изылшаз аҭыԥ аҟынтәи 145 см. ашьҭыԥара

3/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Алабоу ахалара уадаҩуп. Избанзар ашьапқәа уцырхыраара ҟалом, напыламацароуп ушхалаша

4/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Амилаҭ спорттә хәмаррақәа иҷыдоу амчра, аласра, аццакра рҭахуп

5/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҵәыршәра – ижәытәтәиу хәмарроуп. Аспартакиада алахәылацәа даара иргәарԥханы ихәмаруан

6/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ашколхәыҷқәа зегьы еиԥшны ирылымшеит аҵәыршәраан ахҭа ақәшәара

7/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аспортсменцәа ражәақәа рыла зегь раасҭа ирлахҿыхганы ирбаз аҭыԥ аҟынтәи ҵәҩанҵәы аԥароуп, акыр иргәаԥхеит алабоу ахалара, иуадаҩны иршьеит аҵәыршәра

8/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ахаҳәырԥагьы жәытә хәмарроуп. Кьылак рҟынӡа зкапануа ахаҳә иахьынӡаулшо иуршәроуп. Ахәмарыҩцәа еиҟараны идыршәзар ахаҳә, иаиааиз далкаахаанӡа аҽа хынтә-хынтә идыршәуеит

9/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иреиӷьыз алҵшәақәа аадырԥшит ашкол №10 (актәи аҭыԥ), ашкол № 13 (аҩбатәи аҭыԥ), ашкол № 12 (ахԥатәи аҭыԥ) ркомандақәа.

10/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иаиааиз иранашьан ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа ахьӡала