Аҩбатәи атур: Аԥсны иаатит абжьыҭирҭатә ҭыԥқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур
Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит 22 округ рҟны хәажәкыра 26 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik, Владимир Бегунов. Асааҭ 8.00 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа 22 алхырҭатә ҭыԥ рҟны ихацыркхеит Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур.

Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа иажәақәа рыла аҩбатәи атур аҟны абжьы еиҳаны изауз акандидат адепутатрахь днеиуеит. Аԥсны Апарламент шьақәгылоуп ҩеижәи жәохә депутат рыла.

Аԥсны имҩаԥысуа апарламенттә лхрақәа ирылахәуп 137-ҩык акандидатцәа. Урҭ рҟынтәи 25-ҩык аполитикатә партиақәа рҟынтәи иқәгылоуп.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа актәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Дииааит ҳәа дыԥхьаӡан 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахон. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡахон абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Абжьыҭирақәа реихшьаалала Аԥсны ҩажәи ҩба алхратә округ аҟны абжьыҭирақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысыр акәхеит, Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ жәибжь аҟны аиҭалхра мҩаԥгахоит лаҵарамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0