Апсны алхрақәа хыркәшахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпсны алхрақәа хыркәшахеит
Апсны алхрақәа хыркәшахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур хыркәшахеит.

АҞӘА, хәажәкыра 27 — Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур хыркәшахеит. Sputnik иаиуит аҵыхәтәантәи адыррақәа:

Алхырҭатә ҭыԥ №1 акомиссиа ахантәаҩы Рамаз Џьопуа иажәақәа рыла Кәарҷиа Гиви — 1502 бжьы иоуит, Гәынба Бадра — 1361 бжьы. Аҟәатәи алхырҭатә ҭыԥ №4 акомиссиа ахантәаҩы Аслан Џьапуа иажәақәа рыла Аиба Баҭал — 1669 бжьы иоуит, Ерик Рштуни — 1155 бжьы. Аҟәатәи алхырҭатә ҭыԥ №5 акомиссиа ахантәаҩы Борис Лазба иажәақәа рыла, Лаша Ашәба — 1469 бжьы иоуит, Ҭамаз Ҵахнакиа — 886 бжьы. Аҟәатәи алхырҭатә ҭыԥ №6 акомиссиа ахантәаҩы Беслан Кәыҵниа иажәақәа рыла Рауль Лолуа — 1482 бжьы иоуит, Алиас Лабахәуа — 1283 бжьы.

Алхрақәа аҩбатәи ртур хыркәшахеит - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа аҩбатәи ртур хыркәшахеит

Аҟәатәи алхырҭатә ҭыԥ №7 акомиссиа ахантәаҩы Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, Алхас Џьынџьал — 1411 бжьы иоуит, Асҭамыр Адлеиба — 1144 бжьы. Аҟәатәи алхырҭатә ҭыԥ №8 акомиссиа ахантәаҩы Демиан Аҩӡба иажәақәа рыла Ахра Абыхәба — 1028 бжьы иоуит, Гәдиса Агрба — 951 бжьы. Пицундатәи алхырҭатә ҭыԥ №9 акомиссиа ахантәаҩы Ирма Чамагәуа лажәақәа рыла Беслан Смыр — 1264 бжьы иоуит, Даут Хәтаба — 830 бжьы. Гагратәи алхырҭатә ҭыԥ №12 акомиссиа ахантәаҩы Даур Шамба иажәақәа рыла Александр Цышба — 1430 бжьы иоуит, Асҭамыр Қьецба — 1385 бжьы. Цандрыԥшьтәи алхырҭатә ҭыԥ №13 акомиссиа ахантәаҩы Даур Чичба иажәақәа рыла Левон Дашьчиан — 1295 бжьы иоуит, Галуст Трапизониан — 926 бжьы. Аацытәи алхырҭатә ҭыԥ №19 акомиссиа ахантәаҩы Владимир Аҩӡба иажәақәа рыла Дмитри Гәынба —1239 бжьы иоуит, Асҭамыр Оҭырба — 1225бжьы.

Афонҿыцтәи алхырҭатә ҭыԥ №20 акомиссиа ахантәаҩы Вероника Белиаева лажәақәа рыла Натали Смыр — 856 бжьы лоуит, Баҭалбеи Аҩӡба — 787 бжьы. Ешыратәи алхырҭатә ҭыԥ № 21 акомиссиа ахантәаҩы Ҭамара Аҩӡба лажәақәа рыла Алмасхан Арӡынба — 648 бжьы иоуит, Фазлыбеи Аҩӡба — 433 бжьы. Баслаҭатәи алхырҭатә ҭыԥ №23 акомиссиа ахантәаҩы Енвер Казанџьи-оӷлы иажәақәа рыла Валери Кәарҷиа — 829 бжьы иоуит, Аида Ашәба — 538 бжьы. Драндатәи алхырҭатә ҭыԥ №26 акомиссиа ахантәаҩы Станислав Занҭариа иажәақәа рыла Илиа Гәниа — 1468 бжьы иоуит, Георги Габуниа — 699 бжьы. Баслахәтәи алхырҭатә ҭыԥ №27 акомиссиа ахантәаҩы Инга Аблоҭиаԥҳа лажәақәа рыла Венори Бебиа — 777 бжьы иоуит, Иури Зыхәба — 683 бжьы иоуит.

Алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥысра иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа аҩбатәи ртур аан алхыҩцәа рааира еиҳа еиҳахеит актәи атур аан аасҭа

Гәыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ №28 акомиссиа ахантәаҩы Џьумбер Сарсаниа иажәақәа рыла Асҭамыр Логуа — 766 бжьы иоуит, Даҭо Қаџьаиа — 736 бжьы. Кындыӷтәи алхырҭатә ҭыԥ №31 акомиссиа ахантәаҩы Зурик Ҷкәан иажәақәа рыла Аслан Бжьаниа — 981 бжьы иоуит, Ҭемыр Кәыҵниа — 658 бжьы. Очамчыратәи алхырҭатә ҭыԥ № 32 акомиссиа ахантәаҩы Андреи Перцхелиа иажәақәа рыла Инал Ҭарба — 1312 бжьы иоуит, Оҭари Ҵәыџьба — 1201 бжьы. Тҟәарчалтәи алхырҭатә ҭыԥ №33 акомиссиа ахантәаҩы Ольга Хәубутиа лажәақәа рыла Таифун Арӡынба — 1283 бжьы иоуит, Кадыр Аргәын — 688 бжьы. Галтәи алхырҭатә ҭыԥ №35 акомиссиа ахантәаҩы Асҭамыр Асланӡиа иажәақәа рыла Каха Пертаиа — 239 бжьы иоуит, Дмитри Адлеиба — 149 бжьы.

Егьырҭ алхырҭатә ҭыпқәа рганахь ала Sputnik аредакциа адыррақәа амам.

Алхрақәа актәи ртур аан адепутатцәа алхын: алхырҭатә ҭыԥ № 2 Џьапуа Алмас Севериан-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 10 Ҳагәышь Иури Лев-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ №11 Аршба Асҭамыр Борис-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 14 Дбар Дмитри Сергеи-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 15 Арӡынба Дмитри Григори-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № Сангәлиа Михаил Пиотр-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 18 Анқәаб Александр Золоҭинсқа-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 22 Галустиан Левон Миружан-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 24 Миносиан Ашоҭ Ваграм-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 25 Ҳаразиа Саид Геннади-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 29 Ҭарба Асҭамыр Адик-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № Табаӷәуа Баҭал Иван-иԥа.

Ажәабжьқәа зегьы
0