"Актәи атур аан иаҳбаз агха — абиуллетен ахарҭәаашьа ҿырԥшыгас икнаҳаӡамызт џьаргьы, ауаа ирбаратәы ишыҟаҵатәу, убри ҳҳәеит ҳара ҳанааи актәи алхрақәа анынҵәа ашьҭахь. Уажәы уахьыҩнало ауада инаркны зехьынџьара икнаҳан абиуллетен ахарҭәаашьа аҿырԥштәы", — иҳәеит Убириа.
Иазгәеиҭеит, алхрақәа рышьҭахь аԥхьаӡара иҟаз ианаарԥшит ибжьыхыз абиуллетенқәа шмаҷыз.
Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ лхаҭыԥуаҩ хәажәкыра 26 рзы имҩаԥысыз алхрақәа рлыҵшәақәа дрылацәажәо иҳәеит џьарак аимак-аиҿак шыҟоу.
Даниил Убириа иазгәеиҭеит Жәлар реизарахь ишнеиз иҿыцу ауаа, ишырацәоу аҿар уаанӡа аполитикаҿы иҟамыз.
"Ирацәоуп зыӡбахә ҳмаҳацыз. Аха уахәаԥшыр рҭоурых, уа инеит акультура иазҟазоу ауаа, аиуристцәа, аҵара бзиа змоу, атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы аҵраиурҭақәа ирылгаз. Сара еиҳарак исгәаԥхоу убри оуп – иахьа аоппозициа ҳәа изышьҭоу ҳаҭыр зқәу ауаа, даара аԥышәа змоу неит. Аҳәынҭқарра аргылашьа ԥсыхәа амаӡам сгәанагарала, аоппозициа бзиа конструктивла ихәыцуа ада. Ачынуаа џьара гхак дызмырҟаҵаша, изыриашаша иахьа иҟалеит, убри аҩыза ауааԥсыра неит апарламент ахь. Убри сеигәырӷьоит сара. Ус анакәха, урҭ ирхәыцуа азакәанқәа, ирыдыркыло ақәҵарақәа еиҳа иазхәыцлоит. "Аиҿагылараҿы аиаша ииуеит" рҳәоит, аимак-аиҿак аиаша цәырнагоит. Аԥышәа змамгьы аԥышәа зҿиҵааша убра иҟалоит", — иҳәеит Убириа.
Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ лхаҭыԥуаҩ Даниил Убириа игәаанагарала, апартиатә хедкылақәа рыла алхрақәа мҩаԥыслар ауаа иаҳа рыгәра рго иалагоит, избанзар урҭ иабжьырго аусқәа аӡә иакәӡам изхәыцуа, апартиа иалоу ауаа зегьы еиқәышаҳаҭны ирыӡбо ак ауп.