Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьамбул Жорданиа: арежиссиорра иаҭахуп аԥсҭазааратә ԥышәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа арадио Sputnik аҟны дазааҭгылеит атеатр ахь дшымҩахыҵызи, дзеиԥшроу иахьатәи атеатр ахәаԥшҩи ртәы.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа иажәақәа рыла еиҳа бзиа иибоз, гәыкала дыззыҟаз амузыка акәын, аха иҩызцәа рыбзоурала атеатр ахь дымҩахыҵит. 24 шықәса ҵуеит Џьамбул актиорк, режиссиорк иаҳасабала Аурыс драматә театр аҟны аус иуеижьҭеи.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Џьамбул Жорданиа иактиортә мҩа далацәажәеит

Иахьатәи атеатр ахәыԥшҩы дзеиԥшроу, уи иҭахрақәа дрылацәажәо актиор иазгәеиҭеит, ахәаԥшы игәы иаҭаху ирбара-ирҳара, атеатр дадыԥхьалазарц азы иҟаҵатәу рацәоуп. 

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа иинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0