АҞӘА, хәажәкыра 27 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ауаажәларратә гәыԥ ахылаԥшцәа алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы анаԥшцәа иахьразҵаауаз агхак ыҟоума, еилагарак ыҟоума, зегьы ирҳәоз акы акәын – зҵаарак ҳамаӡам, зегьы бзианы ицоит. Абри атәы иҳәеит ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ лхаҭыԥуаҩ, алхрақәа раан ахылаԥшҩыс иҟаз Даниил Убириа.
"Актәи атур аан иаҳбаз агха — абиуллетен ахарҭәаашьа ҿырԥшыгас икнаҳаӡамызт џьаргьы, ауаа ирбартә ишыҟаҵатәу, убри ҳҳәеит ҳара ҳанааи актәи алхрақәа анынҵәа ашьҭахь. Уажәы уахьыҩнало ауада инаркны зехьынџьара икнаҳан абиуллетен ахартәаашьа аҿырԥштәы", — иҳәеит Убириа.
Иазгәеиҭеит, алхрақәа рышьҭахь аԥхьаӡара иҟаз иаанарԥшит ибжьыхыз абиуллетенқәа шмаҷыз.
"Ҭабуп ҳәа расҳәоит Ацентртә алхратә комиссиа. Ишьҭырхыз апланка даара иҳаракуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳаԥхьаҟа даҽа алхрақәак аныҟало уи аԥышәа ухы иаурхәартә иҟоуп. Ас еиԥш аиҿкаара сымбацт, уажәадагьы ахылаԥшҩы иаҳасабала сырҭаахьан алхратә ҭыԥқәа аха. Усҟан даара агхақәа ыҟан", — иҳәеит Даниил Убириа.
Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ лхаҭыԥуаҩ хәажәкыра 26 рзы имҩаԥысыз алхрақәа рлыҵшәақәа дрылацәажәо иҳәеит џьарак аимак-аиҿак шыҟоу.
"Уигьы гханы иузыԥхьаӡаӡом. Акандидатцәа хәыҷык ргәы нхеит, аха урҭгьы ариашара иаҿуп", — иҳәеит иара.
Даниил Убириа иазгәеиҭеит Жәлар реизарахь ишнеиз иҿыцу ауаа, ишырацәоу аҿар уаанӡа аполитикаҿы иҟамыз.
"Ирацәоуп зыӡбахә ҳмаҳацыз. Аха уахәаԥшыр рҭоурых, уа инеит акультура иазҟазоу ауаа, аиуристцәа, аҵара бзиа змоу, атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы аҵраиурҭақәа ирылгаз. Сара еиҳарак исгәаԥхоу убри оуп – иахьа аоппозициа ҳәа изышьҭоу ҳаҭыр зқәу ауаа, даара аԥышәа змоу неит. Аҳәынҭқарра аргылашьа ԥсыхәа амаӡам сгәаанагарала, аоппозициа бзиа конструктивла ихәыцуа ада. Ачынуаа џьара гхак дызмырҟаҵаша, изыриашаша иахьа иҟалеит, убри аҩыза ауааԥсыра неит апарламент ахь. Убри сеигәырӷьоит сара. Ус анакәха, урҭ ирхәыцуа азакәанқәа, ирыдыркыло ақәҵарақәа еиҳа иазхәыцлоит. "Аиҿагылараҿы аиаша ииуеит" рҳәоит, аимак-аиҿак аиаша цәырнагоит. Аԥышәа змамгьы аԥышәа зҿиҵааша убра иҟалоит", — иҳәеит Убириа.
Ихадароу акы акәны иԥхьаӡоит адәахьтәи аиҿагыларақәа ракәымкәа, еидтәаланы еицәажәалоит, аҩныҵҟа ирыӡбалоит ицәырҵуа азҵаарақәа.
"Атәыла иахагылоугьы иоуеит убри еиԥш аҭагылазаашьа дызҿу аусқәа наигӡарц. Аекономикаҿы, амҩадуқәа рҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьа уҳәа апроблемақәа рыӡбараҿы аиҳабырагьы апарламентгьы аус еицыруп", — ҳәа агәыӷра ааирԥшит иара.
Аоппозициаҟынтә инеиз ауаа аԥышәа рымоуп апартиатә системала алхрақәа ԥхьаҟа имҩаԥысларц азы аиҭакрақәа ралагалара азакәан, ҳәа иԥхьаӡоит Даниил Убириа.
"Хара имгакәа апартиатә алхрақәа рымҩаԥгаразы алшарақәа аԥҵахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Аҩныҵҟатәи аполитика даара аҽаԥсахуеит. Уажәы инеиз урыхәаԥшуазар, абри аус аԥсахразы еиҳа иманшәалахоит, ддырманшәалоит абри азакәан ашьҭыхра зҭаху аҳәынҭқарра ахадагьы", — иҳәеит иара.
Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ лхаҭыԥуаҩ Даниил Убириа игәаанагарала, апартиатә хеидкылақәа рыла алхрақәа мҩаԥыслар ауаа еиҳа рыгәра рго иалагоит, избанзар урҭ иабжьырго аусқәа аӡә иакәӡам изхәыцуа, апартиа иалоу ауаа зегьы еиқәышаҳаҭны ирыӡбо ак ауп.