АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа (ААК) аҿаԥхьа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатраз акандидат Омар Аџьынџьал идгылаҩцәа имҩаԥыргаз амитинг. Ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит алхратә ҭыԥ №34 аҟны Омар Аџьынџьал аиааира шигаз азы мҳәырдеи напынҵадеи ашәҟәы идгылаҩцәа ирырҭеит Ацентртә алхратә комиссиа аҟынтәи ҳәа.
"34-тәи алхратә ҭыԥ аҟынтәи иааз адокументқәа инарыдҳәаланы Ацентртә алхратә комиссиа 2017 шықәса хәажәкыра 27 рзы иаднакылеит аӡбра алхрақәа заанаҵтәи реихшьаалақәа рылаҳәазарц. Аӡбра ҵаҵӷәны иамоуп аокругтә комиссиа аԥкаанҵа. Аԥкаанҵа инақәыршәаны аиааира игеит ҳәа дыԥхьаӡоуп Омар Аџьынџьал", ҳәа арбоуп адокумент аҟны.
Иара убасгьы адокумент аҟны иазгәаҭоуп аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны иарбанызаалак аган аӡбра Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҟны иазашшыр азин ыҟоуп ҳәа.
Ауаа еимыҵит Аԥсуа телехәаԥшрала Омар Аџьынџьал даиааит ҳәа анрыларҳәа ашьҭахь.