Гәыԥҩык аԥсуаа хәажәкыра 28 1967 шықәсазы ирыӡбеит Бзыԥҭа инаркны Ԥсоунӡа уахынла, сааҭк ала цхабжьон иақәыршәаны, ақырҭуа ҩырақәа ашәыга ҟаԥшьыла иаҵшьны ирҵәаӷәарц.
Игор Марыхәба Гагратәи аполиткатә акциа далацәажәеит
"Ари ишәарҭаз усын. Ҳҭанакуан. Агәра ганы ҳаҟаӡамызт иманшәаланы иҟалоит ҳәа. Иҳаӡбеит џьара ҳаизаны ҳшеибамҭиуаз. Убри акциа иалахәын ирацәыҩны аԥсуаа. Бзыԥ Кьехьыр-иԥа иакәын ихадаз, алада – Лӡаа, Пицунда сара напхгара асҭар акәын. Иҵәаӷәаны ҳаналга, адырҩаҽны ақырҭқәа уи ирымбози, ихагахеит, ари ҟазҵо ԥсыуак дҟалахьеит, аԥсуаа рҽеибырҭахьеит ҳәа иҟаӡамызт, хыла-гәыла еиланаҵеит", — ҳәа игәалаиршәоит Игор Марыхәба.