Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахәыҷқәа атәылауаҩра рыҭара ырццанакуеит

© Sputnik Зафас ГамгияАндзор Гоов абрифинг мҩаԥигеит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны
Андзор Гоов абрифинг мҩаԥигеит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика ауааԥсыра ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса роура иазкны Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов абрифинг мҩаԥигеит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны ахаша, хәажәкыра 29 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 29 — Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны ахәыҷқәа рҭаацәа руаӡәк иакәзаргьы Урыстәыла атәылауаҩра змоу, атәылауаҩра рыҭара ирццакны иалагоит иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны ахаша, хәажәкыра 29 рзы имҩаԥигаз абрифинг аҟны.

"Ҳара ҳрыҿцәажәон Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа. Амедицинатә ԥгаԥсатә полис ахәыҷқәа ироурц азы ишалшо ала зҭаацәа Урыстәылатәи атәылауаҩра рымоу ахәыҷқәа атәылауаҩра рыҭара хацдыркуеит", — иҳәеит Гоов.

Андзор Гоов иҳәеит Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә ԥгаԥсатә полис ала аҽыхәышәтәра мҩаԥыргарц азы 2017 шықәса рзы миллиард мааҭ инеиҳаны аԥара шазоужьу. Аха ари афакт иаанагом аҭыԥантәи амедицина аҿиара иаԥырхагахар алшоит ҳәа.

"Ҳара ҳмедицина ҳарҿиалароуп. Аха иахьатәи ҳҭагылазаашьа инақәыршәаны зыхә акыр идуу ахәышәтәрақәа рымҩаԥгара, ацентрқәа раартра ҳалшом. Иара убри аан иҟоуп аилацәажәара, иаҳҳәап акардиохирургиа Ацентр еиԥш иҟоу амедицинатә усҳәарҭақәа ара, аҭыԥ аҟны раартразы", — иҳәеит аминистр.

Амедицинатә ԥгаԥсатә полиус аиура аганахь ала аиқәшаҳаҭра Урыстәыла Аиҳабыра ишьақәдырӷәӷәараны иҟоуп. Иара игәаанагарала уи ҩымчыбжь рыҩныҵҟа ишьақәырӷәӷәахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0