АҞӘА, хәажәкыра 29 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥышәа змоуи, аҿари еидҳәаланы иҟалароуп Жәлар реизара — Апарламент аҟны, абри атәы иҳәеит уаанӡа Аԥсны Жәлар Реизара абызшәатә политикеи адемографиеи реилак ахадас иҟаз Валери Кәарҷиа.
"Уажәы иалырхыз кандидатцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥышәа змоу реиԥш, аҿаргьы. Иара убас изымцаз, аха Апарламент аҿы иҟандаз ҳәа ззуҳәашазгьы рацәаҩын. Инеизакны, ицаз апарламент имаҷымкәа азакәанқәа аднакылеит. Адырра ҵаулақәа змаз аҷкәынцәа аус руан. Уажәтәи ааԥхьараҿы ажәытәтәи аҟынтәи адепутатцәа быжь-ҩык роуп иҟоу", — ҳәа иҳәеит Валери Кәарҷиа.
Кәарҷиа иажәақәа рыла, доусы адепутат ихықәкы зеиԥшроу ала, имоуп иара ихатәы дзызҿлымҳау азҵаарақәа.
"Азакәанԥҵара — иара аамҭа иуыҵанаҳәоит, иарбан закәану ихымԥадатәиу, даҽакы маҷк инаскьагатәу. Анагӡаратә мчрақәа роуп азакәанԥҵара азаказ ҟазҵо. Дара адепутатцәагьы аинициатива ҟаҵаны апроект цәыраргар ҟалоит, аха еиҳарак анагӡаратә мчрақәа роуп, дара раԥхьа иқәгылоу ахықәкқәа рынагӡаразы закәанла ишьықәырӷәӷәатәуп", — ҳәа ацыиҵеит иара.
Аԥсуа бызшәа азакәан аусура атәы дазааҭгыло Кәарҷиа иҳәеит, азакәан аусура иалагароуп ҳәа.
Валери Кәарҷиа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтевиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра
"Сгәанала ҳконституциа анҳадаҳкыла анаҩсан, уажәы аԥхьа иҟаз адепутатцәа ирыбзоураны амҩа аҳҭеит ҳбызшәа закәанла аҿирамҩа ианаҳҵеит. Иарбоу ахәҭаҷкәа зегьы аус руеит ҳәа сҳәар аӡәгьы агәра игаӡом аха, амҩа ҳақәуп. Аҿҳәарақәа иарбаз азы,иаҳзынамгӡаз ыҟоуп. Ажәлар азыҟаҵазар ауп, уи ҳара иаҳхарам, еилыркаауазар ауп абызшәеи аԥсадгьыли шеиларсу. Атәым милаҭ еиҳа ҳбызшәа ашьҭыхра, аҳәара иашьҭоуп ҳәа сгәы иабоит аԥсуаа раасҭа", — ҳәа иҳәеит Валери Кәарҷиа.
Иара убас, адепутат иҳәеит аҵарадырра иазку азакәан ҟарымҵар ада ԥсыхәа шыҟам.