АҞӘА, хәажәкыра 29 — Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара инақәыршәаны дарбанызаалак иара атәылауаҩ азин имоуп иҭахны дахьыҟоу аҭыԥ аҟны амедицинатә цхыраара иоурц иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны ахаша, хәажәкыра 29 рзы имҩаԥигаз абрифинг аҟны.
"Ачымазаҩ иахәҭоу ацхыраара изрымҭозар, ацхыраара ахьиоуша аҭыԥ ахь дрышьҭуеит. Урыстәыла азакәан азин ҟанаҵоит дарбанызаалак атәылауаҩ иахьҭаху аҭыԥ аҟны иҽихәышәтәырц", — иҳәеит Гоов.
Аминистр иҳәеит Аԥсны ауааԥсыра, Урыстәыла атәылауаҩра змоу, амедицинатә цхыраара роурц азы ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсатә полис имазароуп ҳәа. Иара иазгәеиҭеит аполис зоураны иҟоу Аԥсны 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа аламҵакәа 190 000-ҩык ауааԥсыра ыҟоуп ҳәаабри аганахь ала аиқәшаҳаҭра Урыстәыла Аиҳабыра ишьақәдырӷәӷәараны иҟоуп. Иара игәаанагарала уи ҩымчыбжь рыҩныҵҟа ишьақәырӷәӷәахоит.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азыԥхьагәаҭоуп Аҟәа.
"Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра аԥгаԥса рыҭара мҩаԥыргоит аилахәырақәа ҩба: "Росгосстрах", "Альфа страхование", — иҳәеит Гоов.
Урыстәыла атәылауаҩра змам ҳуааԥсыра ракәзар, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҟны аԥаратә цхыраара роулоит уаанӡа ишыҟаз еиԥш. бжьаратәла уи аус иазоужьуп 80-90 миллион мааҭ аԥара.
Амедицинатә ԥгаԥсатә полис акәзар аҳәынҭқарра абиуџьет азы 1400-150 миллион мааҭ рҟынӡа аекономиа ҟанаҵоит. Иара иазоужьу аԥарақәа зшәо Урыстәылатәи аган акәхоит.