Адепутат: Апарламент аҟны ирыдкылаз азакәан адемографиа анырра анамҭеит

© AFP 2023 / Brendan SMIALOWSKIАмедицинатә маругақәа
Амедицинатә маругақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизарахь иалху адепутат Алхас Аџьынџьал арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны иаҳзеиҭеиҳәеит адепутатрахь ихы ықәиргыларц зиӡбаз атәы.

АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik, Бадри Есиава. Апарламент аҟны аԥҳәыс лҽырбгара азин ҟазымҵо Азакәан анрыдыркыла ашьҭахь иарбанызаалак демографиатә еизҳарак ҟаланы иҳамбеит, иҳәеит Аԥсны Жәлар реизарахь иалху адепутат Алхас Аџьынџьал арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны данҳаҿцәажәоз.

"Аԥсҭазараҿ ишаабаз ала зцәа зтәым аԥҳәыс аҽырбгаразы азин лымҭара атәылаҿ ахшараиура иацхраауаны иҟамлеит. Избанзар ахшараиура аизҳара уи адагьы иаԥырхагоу рацәоуп", — иҳәеит Аџьынџьал.

Иара игәаанагарала раԥхьа иргыланы иӡбтәу ауаа рыԥсра аанкылароуп, еиҳаракгьы аҿар рыгәҭа. Урҭ ишдыру еиԥш изго ҳәа иҟоу аиҳарак анаркотикатә маҭәашьарқәеи амҩатә машәырқәеи роуп.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Апарламент аҟны иусура изанааҭ хадала иусура иаԥырхагамхап ҳәа дышгәыӷуа.

Алхас Аџьынџьал иаҳзеиҭеиҳәеит адепутатрахь кандидатс ихы ықәиргыларц зиӡбаз. Аԥсҭазаареи аусуреи иҳәеит иара.

"Уԥсҭазараҿ аума уусураҿ аума џьара акы анугәамԥхо иуҭаххоит урҭ аиҭакрақәа ухы рылаурхәырц", — иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0