"Арӡынба-Аӡынба-Кәаӡба": ажәлақәа рҭоурых зну ашәҟәы ӡырган Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукДавид Арӡынба "Арӡынба-Аӡынба-Кәаӡба рҭоурых" ашәҟәы ӡыригеит
Давид Арӡынба Арӡынба-Аӡынба-Кәаӡба рҭоурых ашәҟәы ӡыригеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2009 шықәса раахыс аинформациа аидкылара саҿын иҳәеит "Арӡынба-Аӡынба-Кәаӡба рҭоурых" ашәҟәы аӡыргараан, автор аиқәыршәаҩ Давид Арӡынба.

АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсуа жәлақәа "Арӡынба-Аӡынба-Кәаӡба" рҭоурых зну ашәҟәы аӡыргара мҩаԥысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ахыбраҿы, хәажәкырамза 31 рзы Аҟәа.

"Даара акыр зҵазкуа ҭоурыхтә шәҟәуп. Ас еиԥш иҟоу ашәҟәы аҭыҵра, иара зызку ажәлақәа рхаҭарнакцәа зегьы адагьы, ҳара ҳзгьы хҭыс дууп. Ари ашәҟәы азҿлымҳара амҭақәа узавсуам, избанзар ари ашәҟәы аҿы автор Арӡынааи, Аӡынааи, Кәаӡааи рхылҵшьҭрақәа дрыхцәажәоит. Уи инамаданы дрылацәажәоит рыжәлантәқәа Аԥсназы акырӡа зылзыршаз рыӡбахә",  - ҳәа иҳәеит ашәҟәы аӡыргара аартуа Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.

Аԥхьажәа зҩыз аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба иажәақәа рыла, аекономист аҭоурых дахьазҿлымҳауа даара акыр аҵанакуеит. 

"Аԥсадгьыл абзиабара амитингқәа рыҟны ақәгылара, бжьы дула ацәажәара акәӡам, аԥсадгьыл абзиабара абас еиԥш ужәлантәқәа зусҭцәоу, иҟарҵахьоу рыԥсадгьы азы иҭҵааны ауаа адырбара ауп. Уи илшеит Давид Арӡынба. Иҭабуп ҳәа иасҳәоит иҟаиҵаз азы, аҿар рзы дҿырԥшыгоуп", — ҳәа азгәеиҭеит аҭоурыхҭҵааҩ.

Давид Арӡынба иан Кама Мықәԥҳа лажәақәа рыла, ас еиԥш ашәҟәы ҭижьуеит ҳәа аҭаацәара ргәы иаанагомызт.

"Дхәыҷаахыс еидикалон ижәла иазку аинформациа. Аҩнаҭаҟны ҳалацәажәон аҭоурых, иабду дзызиазҵаақәозгьы рацәан. Зны хәмаршақә еидикалон ҳәа хӷәы иаанагон. Ашәҟәы ҭыҵраз ицхрааз аҵарауаа зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит", — лҳәеит Кама Мықәԥҳа.

Аҭоурыхтә ҵакы змоу ашәҟәы автор Давид Арӡынба ашәҟәы иагу ыҟазаргьы, иара раԥхьатәи шьаҿоуп ажәлақәа рыҭҵааразы иҳәеит. 

"Ҳажәла аҭоурых аидкылара салагеит 2009 шықәсазы. Ашкол санҭаз исҭахын сабиԥара аҭоурых анысҵарц, уи сазҳәозгьы издыруазгьы уаҩ дыҟамызт, имаҷын. Уи хәыҷы-хыҷла салагеит аидкылара. Дәрыԥшь, Лыхны, Очамчыра ирацәоуп сахьцаз, иахьҭысҵааз Арӡынааи, Аӡынбақәеи, Акәаӡбақәеи рҭоурых", — ҳәа иҳәеит иара.

Ашәҟәы еихшоуп х-хәҭакны, иагәылагалоуп афотоҭыхымҭақәа рацәаны, акорректорс дамоуп Владимир Никонов. 

Ашәҟәы ҭыжьразы афинансқәа ихахьы игеит Асҭамыр Арӡынба.

Давид Арӡынба диит хәажәкыра 11 1995 шықәсазы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. 2012 шықәсазы далгеит Бамборатәи абжьаратә школ. Иахьа аус иуеит економистс Аԥсны аҳәынҭкарра ахада иусбарҭаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0