Арсалиаԥҳа: "Софичка" апремиера ҟалаанӡа дырбара ҟалом

© Fotolia / Peych_pАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа ахҳәаа алҭеит асахьаркыратә фильм "Софичка" арбаразы иҟаҵаз заанаҵтәи алаҳәара.

АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра азин ҟанамҵаӡацт асахьаркыратә фильм "Софичка" аекранқәа рахь ацәыргара. Уи азин ҟалоит официалла апремиера анымҩаԥгахалак ашьҭахь. Асоциалтә ҳақәа рҟны иҟаҵоу заанаҵтәи алаҳәарақәагьы азинҵаҵӷәы рымам, ҳәа лҳәеит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Сгәы иаанагоит акопиа ахаҭабзиара лаҟәуп ҳәа. Ҳара иҳалшон афильм уаанӡагьы ацәыргара, аха автортә зин аилагара ҟалом ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Шықәсыбжак инарзынаԥшуа Сакуров ифонд адиректори ҳареи аиҿцаарақәа ҳаман, афильм иахәҭоу ахаҭабзиарала ахәаԥшыҩцәа ирызцәыраагарц азы", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла Фазиль Искандер ихьӡ зу афонди, Александр Сакуров ифонди Аԥсны Акультура аминистрреи еицҿакны иазырыӡбеит афильм ателеверсиа ахәаԥшцәа ирыдгалазарц.

"Ҳара иазаҳаӡбеит "Софичка" афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны идҳарбарц. Автор ишиҭаху еиԥш акинотеатр аҟны ахәаԥшыҩцәа афильм рызнагара ҳара иҳалшом. Аха ахәаԥшыҩцәа афильм рбар рҭахуп. Ус анакәха иреиӷьу мҩахоит ателеверсиала ирыдаагалар. Искандер ифонд ахаҭарнакцәа аоригиналтә копиа ҳарҭеит, арбараан ахаҭабзиара мыӡырц азы", — лҳәеит аминистр.

Фазиль Искандер иповест иалху афильм "Софичка" аҭыхра мҩаԥысуан Аҟәа, 2015 шықәса рзы. Афильм арежиссиорс иҟоу Кира Коваленко лоуп. Афильм акинофестивальқәа рҟны инаргахьеит, аԥхьахәқәагьы анаршьахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0