Азиндырыҩ: алхрақәа раан "амҩақәа ҟасҵоит" ҳәа ауаа урыламлароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара адепутат изинқәеи иуалԥшьақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны дҳазрылацәажәеит азиндырыҩ Саид Сангәлиа.

АҞӘА, хәажәкыра 31 — Sputnik, Бадри Есиава. Алхрақәа раан "амҩақәа ҟасҵоит" ҳәа ауаа урыламлароуп, иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны азиндырыҩ Саид Сангәлиа.

"Асеиԥш ала ахымҩаԥгара иашам. Адепутат имоуп алшра анагӡаратә мчра аорганқәеи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәеи рыҿцаара, рнырра. Илшоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбразы урҭ рахь аҳәара ҟаиҵарц", — иҳәеит иара.

Сангәылиа игәаанагарала Апарламент аусура аартызарц азы ишиашоу ицо аефир иазыгьыжьтәуп. Ари атема уаанӡагьы иалацәажәахьан, аха аӡбра алыршамызт.

"Апарламент уаанӡатәи ааԥхьара аусураан ицәырҵхьан аидеиа: онлаин аилатәарақәа дырбара. Абри аан дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ, алхыҩ илала ибоит адепутат иусушьа. Сгәыӷуеит ҿыц иалырхыз Апарламент адепутатцәа уи азҵаара аӡбра азыруп ҳәа", — иҳәеит Сангәлиа.

Иара убасгьы дрылацәажәеит адепутатцәа ирымоу аԥыжәарақәа ртәы. Уахь иаҵанакуеит есышықәсатәи зыхә шәоу, 36 мзартә мшы инаӡоу аԥсшьарамшқәа, аусуратә стаж 20 шықәса инаӡозар атәанчахәы аиура. Апарламент аиҳабы иулафахәы Аԥыза-министр иулафахәы иадҩылоит, адепутатцәа рулафахәы акәзар, уи Апарламент аиҳабы ишьақәирӷәӷәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0