Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Даур Ҭарба: ақыҭанхамҩаҿы аус зуа атехника аԥсахра аҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ареспубликаҟны ақыҭанхамҩатә техника аԥсахра ргәы ишҭоу.

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба иажәақәа рыла, Аԥсны акурорти атуризми рнаҩсан ақыҭанхамҩа иадҳәалоу ҳәынҭқарроуп.

"Иазгәасҭарц сҭахуп, анхаҩы изы аамҭа уадаҩ ыҟазаргьы иара ихатәы биуџьет ихала ишьақәиргылоит. Аԥсны араионқәа рыҟны амш бзиақәа рхы иархәаны адгьыл иқәаарыхоит. Акыҭанхамҩа аусзуҩцәа ашықәс аихшьаала аныҟаҳҵоз, иазгәаҳҭеит ҳаԥхьаҟа ишьҭоу аусқәагьы. Сынтәа, даҽа аамҭак еиԥшымкәа араионқәа ацхыраара рыҭара ҳгәы иҭоуп. Ҳазхысыз ашықәсқәа рзы миллионки, миллионки бжаки рҟынӡа ацхыраара раҳҭозар, сынтәа хәба-хәба миллион ацхыраара ҟаҳҵоит", — ҳәа иҳәеит Ҭарба.

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба араионқәа рзы атехника ҿыц аԥара азоужьуп иҳәеит

Ақыҭанхамҩаҿы аус зларуа атехника ақәра маҷӡам, аԥсахрақәа рҭахуп, ихеит. 

"Уи аҟынтә 10 миллионки 700 нызқь мааҭ аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи атехника аахәаразы иахыԥхьаӡалоуп. Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа атехника зегьы Аԥсны иҟалоит, араионқәа ираҳҭоит", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр.


Ажәабжьқәа зегьы
0