Мзиа Беиаԥҳа лажәақәа рыла, Гиви Камыгә-иԥа Агрба иааигәаны дахьылдырыз Аԥсны аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь ауп.
"Аибашьраан ҳаиқәшәон ахырӷәӷәарҭақәа рыҟны, аха ус еибашьышьа аҷыдарақәа срылацәажәартә еиԥш исыздыруам, сара ԥсыуа хаҵак аӷьеҩҳәа зыбжьы зыргоз иакәны дыздырит аибашьра ашьҭахь. Аполитикатә ԥсҭазаара ихы бзианы иалаирхәон", — ҳәа лҳәеит Беиаԥҳа.
Гиви Агрба диит мшаԥымза 4 1937 шықәса рзы. Аибашьра раԥхьатәи амш инаркны иара Аҟәа ахьчара аиҿкаара хадара азиуан. Дрылахәын Шроматәи, Ииультәи, Сентиабртәи ажәыларақәа.
Гиви Агрба аибашьра ашьҭахь аҳҭнықалақь акомендантс дыҟан, дыҟан Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс, Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩыс. Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара. Гиви Агрба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 27 2014 шықәса рзы.