Кәарҷиа: атопанимиказ азакәан иҭышәнартәалоит агеографиатә обиектқәа ахьӡ рыхьыӡҵара апроцесс

© Sputnik Илона ХварцкияАԥсны Ахсаала
Аԥсны Ахсаала - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса хәажәкырамзатәи адепутатцәа аҵыхәтәантәи реилатәара аан аҩбатәи аԥхьарала ирыдыркылеит атопонимиказы азакәан.

АҞӘА, мшаԥымза 5 – Sputnik, Роберт Џьопуа. 2017 шықәса хәажәкырамзазы адепутатцәа аҵыхәтәантәи реилатәара аан аҩбатәи аԥхьарала ирыдыркылеит атопонимиказы азакәан. Азакәан иҭышәнартәалоит агеографиатә обиектқәа ахьӡ рыхьыӡҵара апроцесс, иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Апарламент адепутат Валери Кәарҷиа.

"Ҳара акрааҵуан аус зуаз азакәан аиӷьтәра ҳҭахызижьҭеи. Аԥсны иаҭаауа рацәоуп. Урҭ неиуеит еиуеиԥшым аҭыԥқәа рахь. Ирыхҭашәо ахьӡқәа урҭ аҭыԥқәа ианырхырҵо ыҟоуп. Уи акьыԥхь аҟны ицәырҵуеит. Уажәы иҳадаҳкылаз азакәан абарҭ апроцессқәа зегьы ииашаны рымҩаԥысра иацхраап ҳәа агәыӷра ҳамоуп", — иҳәеит иара.

Азакәан рыдыркылаанӡа еиланхарҭа ҭыԥк ахьӡ аԥсахра зҭаххаз уи азҵаара Апарламент ахь икылыргон. Уажәтәи азакәан инақәыршәаны азҵаара раԥхьа иргыланы аҭыԥантәи азакәанԥҵаратә органқәа рҟны ирыӡбароуп.

"Уажәы аиланхарҭатә ҭыԥ ахьӡ аԥсахразы аҭыԥантәи амчрақәа, араионтә мамзаргьы ақалақьтә Еизарақәа рҟны ирыӡбароуп. Убри ашьҭахь ауп Апарламент ахь ианнагахо", — иҳәеит Кәарҷиа.

Валери Кәарҷиа иара убасгьы азхьаԥшра аиҭеит атопонимиказ азакәан инақәыршәаны ашьхақәа, аҳаԥқәа, аӡиасқәа рыхьӡқәа рыԥсахра Аминистрцәа Реилазаара анапы ишаныло.

2017 шықәса хәажәкырамзазы, Апарламент ахәбатәи ааԥхьара адепутатцәа аҵыхәтәантәи реилатәараҿы ирыдыркылеит атопонимиказы Азакәан. Иара убасгьы иҟарҵеит ажәалагала еиуеиԥшым ахсаалақәа, зыҟны Аԥсны ишьақәырӷәӷәам атопонимика аныԥшуа атәыла алагалара азин ҟамҵазарц. Ари азҵаара аимак-аиҿак ахылҵит, аха аӡбра инахоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0