Sputnik, Владимир Бегунов
Аԥшьаша, мшаԥымза 6 рзы "Тотальныи диктант" аиҿкааҩцәа имҩаԥыргеит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны апресс-конференциа. "Тотальныи диктант" Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп мшаԥымза 8 рзы, Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҟны. Адиктант амҩаԥгара рҭахын Гагреи Очамчыреи, аха уа атехникатә ҭахрақәа ирықәшәо аҭагылазаашьа рзаԥымҵеит, ҳәа азгәарҭеит аиҿкааҩцәа.
Иара убри аан дара ирҳәеит ҽааны, иалыршахар ҟалоит Аԥсны егьырҭ ақалақьқәа рҟынгьы ари ауснагӡатә амҩаԥгара.
Аурыс культуратә центр анапхгаҩы, "Россотрудничество" ахаҭарнакра аусзуҩы Наталиа Каиун лажәақәа рыла "Тотальныи диктант" аҩра сынтәа иалшоит аофициалтә саит аҟны аҽҭаҩрада. Адиктант ахаҭа сааҭк иазынаԥшуа ирыҩуеит, ахәшьарақәа еилкаахоит мшаԥымза 12 рышьҭахь.
"Тотальныи диктант" адунеи аҟны имҩаԥыргоижьҭеит 14 шықәса ҵуеит. Сынтәа иара рҽаладырхәраны иҟоуп 150 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Аԥсны акәзар хы-шықәсоуп имҩаԥаагоижьҭеи. Аԥхьатәи ашықәс азы иара иалахәын 26-ҩык, ҵыԥх – 150-ҩык. Абар, уажәы адиктант аҩразы Аҟәаҟа иаҳзаараны иҟоуп Аԥсны егьырҭ ақалақьқәа рҟынтәгьы", — лҳәеит Наталиа Каиун.
Адиктант аҩра рҽаладырхәыр рылшоит ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы. Атекст аԥхьара сынтәа имҩаԥигоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Иури Иасносокирски.
"Сара адипломатиатә усура адагьы жәларбжьаратәи азин астудентцәа сырзаԥхьоит. Ҳусмҩаԥгатәгьы сазыхиоуп", — иҳәеит иара.
Адиктант зыҩуа аҵаҳәарақәа рышәҭома? Ҳәа ҳаниазҵаа, иҳәеит: слацәҟәыслоит, — ҳәа.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны – Урыстәыла" аиҳабы Татиана Леонова илҳәоит, адиктант атекст сынтәа изҩыз Леонид Иузефович иоуп, иара Пермтәи атәылаҿацә иазкуп ҳәа.
Атекст х-варианткны ишьақәгылоуп. Аиҿкааҩцәа адиктант алагара х-сааҭк шагу ирзыршоит.
Иузефович ихаҭа атекст даԥхьоит Новосибирсктәи ауниверситет аҟны.
"Сара даара агәахәара снаҭеит адиктант атекст аҩрахьы сахьнарыԥхьаз", — иҳәеит иара.
"Тотальныи диктант" хацыркхеит 2004 шықәса рзы, Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Аԥхьатәи ашықәсқәа раан ахархәара рырҭон аурыси аҳәаанырцәтәи аклассикеи рцыԥҵәахақәа. 2010 шықәса раахыс атекст рыҩразы иадрыԥхьало иалагеит ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы адиктант атекст рҩит: Борис Стругацки, Захар Прилепин, Дина Рубина, Алексеи Иванов уҳәа егьырҭгьы.
2014 шықәса раахыс "Тотальный диктант" онлаин аҩра алшоит. Иара иахықәкны иҟоуп дарбанызаалак ауаҩы хатәгәаԥхарала аурыс бызшәа шидыруа аарԥшра, идыррақәа реизырҳара.
2017 шықәса рзы "Тотальный диктант" информациатә партниорны иазыҟалеит аинформациатә маҵзура, арадио Sputnik Аԥсны.