Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа: Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 2016 ашықәс аихшьаалақәа ҟанаҵеит

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа далацәажәеит академиа ашықәсазтәи азеиԥш еизара.

"Есышықәса ашықәс ҿыц ҳанҭалалак, инаскьаҳгаз ашықәс иалагӡаны академиа аструктураҿы иҟаҵаз аҭҵаарадырратә усура еихаҳшьаалоит, уи ихадароу хҭысны ҳахәаԥшуеит. Академиа аҟәшақәа хԥа рыла ишьақәгылоуп, актәи агуманитартәи, асоциалтәи, ауаажәладырратәи аҟәша, уи шьақәгылоуп: Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, Аекономикеи азини ринститут уи иаҳхысыз ашықәс азы иаԥаҳҵеит", — иҳәеит Џьапуа.

Зураб Џьапуа далацәажәеит академиа ашықәсазтәи азеиԥш еизара

Аҳәынҭқарраҿы аекономика, азин аганахь ала аекспертиза ахьаҭаху аусқәа мҩаԥнагалоит ари аинститут. Зураб Џьапуа агәра ганы дыҟоуп ари аинститут аҳәынҭқарра азы акыр зҵазкуа, аналитикатә знеишьа ала аусура мҩаԥызго институтны ишыҟало.

Ажәабжьқәа зегьы
0