АҞӘА, мшаԥымза 10 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ачгара ду абыжьбатәи амчыбжь ауахәаматә канонқәа рыла реиҳа ауадаҩра змоу акәны иахәаԥшуеит. 2017 шықәса рзы Агәаҟҵәаҟра мчыбжьы иалагоит мшаԥымза 10 рзы, ихыркәшахоит мшаԥымза 15 рзы. Мшаԥымза 16 рзы иазгәарҭоит Аныҳәа лаша – Амшаԥ.
Ачгара ду аԥхьатәи амчыбжьи аҵыхәтәантәи амчыбжьи акыр еиԥшуп. Усҟангьы егьысҟангьы акрыфара азин ыҟоуп мышкахьы знык ма ҩынтә. Уигьы маҷ-маҷ. Иара убри аан Ахәаша дуи Агәаҟҵәаҟра сабшеи рзы ҽынла зынӡаск акрыфара ҟалом.
Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама аиҳабы Виссарион Аԥлиа иажәақәа рыла Агәаҟҵәаҟра мчыбжьы дарбанызаалак ақьырсиан изы акрызҵазкуа акәны ишьоуп.
"Мчыбжьык ахы-аҵыхәала Иаса Қьырса ибеит ауаҩытәыҩса ибзиабарагьы ичарҳәарагьы, аԥсрагьы абзарагьы. Амчыбжь алагамҭазы Иерусалим агәашәқәа дырҭалеит, амчыбжь агәҭазы даанкылан иргәаҟра иалагеит, амчыбжь анҵәамҭазы – дкыдырҵеит. Ақьырсианцәа рзы ари амчыбжь ачгара ӷәӷәеи аҿықәшаҳаҭреи ираамҭоуп", — иҳәоит Аԥлиа.
Агәаҟҵәаҟра мчыбжьы иара убасгьы Амчыбжь ду ҳәа иашьҭоуп. Ашәахьа ду аан дыргәаладыршәоит апатриарх Иосиф, Аҩаша ду аан иргәаладыршәоит иаса Қьырса афарисеицәа шаҿаԥиҽыз, Ахаша ду аан — Иуда ичарҳәареи лаӷырӡыла Иаса ишьапшҵақәа зыӡәӡәаз Мариеи, Аԥшьаша ду аан – Ахәылԥ маӡа аантәи ахҭысқәа, Ахәаша ду аан — Иаҳхылаԥшхәы аџьар аҟны ихигаз агәаҟрақәа, асабша ауха анцәахаҵаҩцәа ирызцәырҵуеит агәырӷьара иаша, "Иаса Қьырса дгылеит!" "Ииашахаҭаны дгылеит!" ҳәа еибырҳәоит.
Ареспублика ауахәамақәа зегьы рҟны абарҭ амшқәа рзы Анцәа имҵаныҳәоит.