АҞӘА, мшаԥымза 10 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Тҟәарчал азы акрызҵазкуаны иҟоу аӡеизакырҭатә станциа аремонт ахыркәшарахь инеиуеит лҳәеит и Тҟәарчал араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа.
"Иаарласны тҟәарчалаа рыкранқәа рҟынтәи иаауа аӡы шыцқьо агәра ргаартә иҟалоит", — лҳәеит лара.
Чачхалиаԥҳа лажәақәа рыла ақалақь аҟны уи адагьы имҩаԥысуеит акомплекстә план иаҵанакуа егьырҭ аусурақәагьы.
"Арахь иаҵанакуеит амҩақәа рремонт, аӡымҩангагақәа рыԥсахра, аҩнеихагылақәа рҟны аподвалқәа ррыцқьара", — лҳәоит лара.
Иара убри аан иазгәалҭеит араион ацхыраара зҭахны иҟоу раионны ишыҟоу.
Ақалақь аҟны имҩаԥысуа аусурақәа зегьы ақалақь аиубилеи иадҳәалоуп.
"Аиҿкааратә еилакы ишаӡбаз ала нанҳәа 27, Ашахтиор имш аҽны имҩаԥгахоит аиубилеитә ныҳәақәа", — лҳәеит араион Ахада.
Тҟәарчал ақалақь иахҵоуп Ақалақь-Фырхаҵа ҳәа ахьӡ.