Ҳашыг: адепутат иҭакԥхықәра ихымҩаԥгашьа ианыԥшуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент афбатәи ааԥхьра ишцәырнагаз аполитик ҿыццәеи, урҭ русураҿы аԥышәара зырҭашеи ртәы уҳәа арадио Sputnik астудиаҿы далацәажәеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

АҞӘА, 11 апр — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Дарбанзаалак адепутат аконституциа, азакәан ирҭо амчреи, уи иаҵо аҭакԥхықәреи еиԥшны дрыхәаԥшуазар, ихымҩаԥгашьа ианыԥшуеит. Абри аҩыза агәаанагара иҳәеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг. 

Ҳашыг иажәақәа рыла, алхыҩцәа еилырганы ирымазароуп адепутат иарбан хықәку иманы днеиз апарламент ахь, аусура дшазыхиоу, гәҭакыс имоу, иарбан идеиоу инаигӡарц ииҭаху. 

"Рыцҳарас иҟалаз, убри аҩыза агәаанагарагьы ауаажәларраҿы иҟоуп, адепутатра алшара инаҭоит ихатәы бизнестә проектқәа рынагӡараҿы иманшәалоу аҭагылазаашьа, егьырҭ ауаа раасҭа ашәқәа изаанартуеит. Ус агәаанагара ыҟоуп, аха хадара злоу ауаҩы иҟаиҵо, ихы шымҩаԥиго дышцәажәо ауп. Далзхыз ринтересқәа рынагӡараҿы иааирԥшуа апринципқәа, убри ауп аус злоу", — иҳәеит Ҳашыг.

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы иазгәеиҭеит, иаку коллективны ишышьақәгылар аку 35-ҩык ауаа.

"Ҵара-дыррала, ԥышәала, қәрала, занааҭла еиԥшым, аус еицызымуц, еибазымдыруа ауаа даараӡа ирацәоуп. Аполитикаҿы иҿыцу ауаа рацәоуп. Макьана ари апарламент аусура шыҟало аҳәара даараӡа иуадаҩуп", — иҳәеит Руслан Ҳашыг.  

Апарламент - Sputnik Аҧсны
Зжьы ужәыр, зтәан еиламгыло, мамзарагьы Апарламент чаԥоуп

Азакәанԥҵара аганахьала, аҳәынҭқарраҿы ауаажәларратә-политикатә ҭагылазаашьа, анаҩстәи аҳәынҭқарра иҭышәынтәаланы аҿиаразы апарламент иааннакыло апозициа, аиҳабыреи анагӡаратә мчреи азакәанԥҵаратә мчреи ржәҩахыр еибыҭаны, ихеибарҭәаароуп, — ҳәа иԥхьаӡоит ажурналист. 

Игәалаиршәеит, изакәыз аԥсуаа рзы Иреиҳаӡоу асовет аныҟаз адепутатцәа аналырх, Владислав Арӡынба 1989 шықәсазы аизараҿы данықәгыла аамҭеи зегьы еицырдыруа раԥхьатәи ахьтәы парламент ҳәа ззырҳәои. 

"Усҟантәи апарламент абри аҩыза ахьӡ аиуратә иҟазҵаз акы акәны исыԥхьаӡоит, ателехәаԥшрала ишиашоу ицо аефир ала иахьыддырбоз, — ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг. — Адепутат иуалԥшьа шынаигӡо, дышцәажәо, дшықәгыло, азҵаарақәа дышрызнеиуа акырӡа аҵанакуеит ажәлар ииашоу аинформациа анрымоу". 

Аҳәынҭқарратә кризис аныҟаз 2014 шықәсазы Жәлар реизара адупутатцәа рхахьы иргаз аҭакԥхықәра атәы дазааҭгыло, ажурналист иҳәеит, ажәлар иалырхыз адепутат атәылаҿы имҩаԥыслазаалак ахҭысқәа рышҽрылаирхәлар аку. 

"Аилатәараҿы ирыдыркыло ақәҵаразы адепутат игәаанагара иҳәароуп. Ҿымҭкәа атәара мамзаргьы акырӡа зҵазкуа азҵаарақәа ианрылацәажәо аилатәарахьы амнеира ҽыцәхьакроуп иаанаго", — иҳәеит Руслан Ҳашыг. — Ҿыц иалырхыз адепутатцәа раԥхьатәи аилатәарахьы инеиуеит, хымԥада, сара сажәа адагьы еилыркаауеит иалырхыз амҩа аҭакԥхықәра". 

Уажәы иалаҳхыз апарламент ԥхьаҟа Аԥсны аҿиараҿы ирылшар хра злоу аганқәа рыла аҳәынҭқарратә ҭагылазаашьа аԥсахра, ауаажәларратә-политикатә ҭагылазаашьаҿы анырра ҟазҵаша азакәанԥҵаратә усурақәа еиҿыркаар, егьырҭ апарламент ааԥхьарақәа раасҭа ирылшеит уҳәартә еиԥш алкаа ҟауҵар ҟалоит, — ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг игәы иаланы иҳәеит, апарламент ааԥхьарақәа хәба зегьы русура еихызшьало акьыԥхьымҭақәа шыҟам, аҳәынҭқарраҿы ишагу апарламентқәа реиҿырԥшра алзыршо аҭагылазаашьа ахҳәаа азыҟаҵара. 

Ажәабжьқәа зегьы
0