АҞӘА, мшаԥымза 11 — Sputnik. Рауль Ҳаџьымба адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Ахадас иалху Анатоли Бибилов. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.
"Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ареспублика Аахыҵ-Уаԥстәыла Ахадас шәыҟалара. Аԥсны иқәынхо ажәлар ҳаҭыр дула иазыҟоуп шәреспублика. Агәра згоит наҟ-ааҟгьы ҳҽазышәарала ԥхьаҟагьы аҿиара аиуп ҳәа ҳтәылақәа рыбжьара иҟоу аиҩызара, аусеицура, ҳтәылақәа руааԥсыра рыбзазара аиӷьтәра ҳалшап ҳәа", арбоуп адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит агәрахаҵара шимоу ареспубликақәа рыбжьара иҟоу аинырра еиҳагьы иӷәӷәахап ҳәа. Анатоли Бибилов изеиӷьеишьеит иҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа рынагӡараҿы ақәҿиарақәа, аманшәалара, агәабзиара.