АҞӘА, мшаԥымза 11— Sputnik. Азҵаара аихшьаалақәа рыла Трамп иҟазаара гәрамгарала иахәаԥшуеит Германиа атәылауаа. Уаҟа 72% ауааԥсыра Трамп амчрахь данааи ашьҭахь адунеи еиҳагьы ашәарҭара иҭагылеит ҳәа, Америка акәзар ас ихәыцуа 45% роуп, Франциа усеиԥш ирыԥхьаӡоит 64%, Бразилиа – 60%, Британиа ду – 55%, Ҭырқәтәыла — 52%, Италиа – 49%.
© SputnikТрамп иалхра ашьҭахь адунеи еиҳа ишәарҭадахама
Трамп иалхра ашьҭахь адунеи еиҳа ишәарҭадахама
© Sputnik
Трамп дааижьҭеи адунеи еиҳа ишәарҭадахеит ҳәа ирыԥхьаӡоит: Америка — 28%, Бразилиеи Италиеи — 13%, Британиеи Ҭырқәтәылеи – 11%, Германиа – 8%, Франциа – 6%.
Адунеи ашәарҭадара Трамп иакәӡам изыдҳәало ҳәа ирыԥхьаӡоит: Италиа — 32%, Ҭырқәтәыла– 28%, Британиа ду– 25%, Франциа – 21%, Бразилиа — 19%, Америкатәи аштатқәа – 17%, Германиа 13%.
Азҵаарақәа рхы рыладырхәит быжь-тәылак рҟынтәи ареспондентцәа.