00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
On air
13:20
5 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
On air
13:45
11 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аҟәатәи амаамынааӡарҭа аԥхын аус шауа
13:56
15 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Главный четверг
Турсезон в Гагре
14:17
24 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
Экология Черного моря
14:44
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

"Тотальныи диктант" аихшьаалақәа рыларҳәоит

© Sputnik Владимир Бегунов"Тотальныи диктант" аихшьаалақәа рыларҳәоит
Тотальныи диктант аихшьаалақәа рыларҳәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Тотальныи диктант" аофициалтә еихшьаалақәа рыларҳәоит аԥшьаша акциеи "Россатрудничество" асаитқәеи рҟны ркьыԥхьрала.

АҞӘА, мшаԥымза 13 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥшьаша, мшаԥымза 13 рзы "Тотальныи диктант" аиҿкааҩцәа аофициалтә еихшьаалақәа рыларҳәоит акциеи "Россатрудничество" асаитқәеи рҟны ркьыԥхьрала. Уажәы Аԥснытәи арҵаҩцәа игәарҭахьоу аусумҭақәа реиҭагәаҭара иаҿуп Новосибирск, "Тотальныи диктант" аштаб-квартираҟны. Абри атәы ҳзеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу Аурыс культуратә центр анапхгаҩы Наталиа Каиун.

Аҟәа аусурақәа анымҩаԥыргоз абасеиԥш иҟаз ахәшьарақәа ықәыргылан: хәбақәа ҩба, ԥшьбақәа ааба, хԥақәа ҩеижәижәаба, ҩбақәа хынҩажәижәаа.

Аурыс культуратә центр анапхгаҩы, "Россотрудничество" ахаҭарнакра аусзуҩы Наталиа Каиун лажәақәа рыла, "Тотальныи диктант" аихшьаалақәа рыларҳәоит аԥшьаша акциеи "Россатрудничество" асаитқәеи рҟны ркьыԥхьрала. Изҭаху илшоит иусумҭа ибарц.

"Адиктант есышықәса имҩаԥысуеит. Иара адунеи аҟны имҩаԥыргоижьҭеит 14 шықәса ҵуеит. Сынтәа иара рҽаладырхәит 150 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Аԥсны акәзар хы-шықәсоуп имҩаԥыргоижьҭеи", — лҳәеит Каиун.

Адиктант аҩра рҽаладырхәыр рылшон ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы. Атекст аԥхьара сынтәа имҩаԥигон Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Иури Иасносокирски.

Адиктант атекст сынтәа изҩыз Леонид Иузефович иоуп. "Тотальныи диктант" хацыркхеит 2004 шықәса рзы, Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Аԥхьатәи ашықәсқәа раан ахархәара рырҭон аурыси аҳәаанырцәтәи аклассикеи рцыԥҵәахақәа. 2010 шықәса раахыс атекст рыҩразы иадрыԥхьало иалагеит ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы адиктант атекст рҩит: Борис Стругацки, Захар Прилепин, Дина Рубина, Алексеи Иванов уҳәа егьырҭгьы.

2014 шықәса раахыс "Тотальный диктант" онлаин аҩра алшоит. Иара иахықәкны иҟоуп дарбанызаалак ауаҩы хатәгәаԥхарала аурыс бызшәа шидыруа аарԥшра, идыррақәа реизырҳара. 2017 шықәса рзы "Тотальный диктант" информациатә партниорны иазыҟалеит аинформациатә маҵзура, арадио Sputnik Аԥсны.

Ажәабжьқәа зегьы
0