Ашәахтә аизгара Аԥсны ахатәы ҟазшьақәа амоуп

© FirestockАԥара
Аԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәахтәеизгара амаҵзурақәа рымшныҳәа аламҭалазы ҳкорреспондент диҿцәажәеит аиурист хаҿқәа ашәахтә рықәҵараз Аусбарҭа аинспектор хада, Леон иорден занашьоу Баҭал Логәуа.

Sputnik, Бадри Есиава

Ашәахтәеизгара амаҵзураҟны аус аура имариақәоу иреиуам, ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит ашәахтә рықәҵараз Аусбарҭа аинспектор хада, Леон иорден занашьоу Баҭал Логәуа, абри аусхк аҟны шықәсырацәала иусура анализ азуа.

Баҭал Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономика афакультет далгеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагара мызқәак шагыз. Иусуратә мҩагьы хациркит Очамчыра ақалақь аҟны. Баҭал иажәақәа рыла усҟан аусура еиҳа имариан, Асовет Еидгыла азакәанқәа аус руан, дара ауаагьы урҭ азакәанқәа ирықәныҟәон, раагарҭақәагьы еиҳа ирацәан.

"Аибашьра ашьҭахь аамҭақәа уадаҩхеит. Азакәанқәа аус руамызт. Акраагарҭагьы абаҟаз. Ҳусуҩцәа ршәарҭадарагьы аӡәгьы ихьчомызт. Автоматқәа амашьына иҳазҭан, узықәшәоз дуздырамызт", ҳәа игәалаиршәоит аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа Баҭал.

Ауал зқәыз, ашәара аҭахуп ҳәа иазымхәыцуазгьы ыҟан.

"Ааи. Исгәалашәоит зны ашәахтә аизгараз ҳанрылаз аӡәы иҟны ҳнеиит. Ҳзызнеиз анаҳҳәа: иабџьар иман дааҳҿагылеит "аԥара сымырхларц аума сара сзеибашьуаз" ҳәа. Ҳара, ҳәарада зегь еилаҳкаауан, аха азакәан – закәануп. Инагӡатәуп", — иҳәоит иара.

Аинспектарцәа рнапынҵақәа ашәарҭара ишҭадыргыло анырба ашьҭахь, амилиционерцәа рыцырҵо иалагеит, аха уи аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәит.

"Амилициаа шәыманы шәышԥааи, шәҳақәлома?" ҳәа иааҳҿагылон зыҟны ҳнеиуаз, — ҳәа игәалаиршәоит иара. Дасу, аӡәаӡәала аҭагылазаашьа рхы иҭагаланы ирацәажәатәхеит. Иҟан еилызкаауаз, иҟан иззеилымкаауаз".

Аамҭа иара атәы ҟанаҵоит. Аҽаԥсахуеит. Иахьа ашәахтәеизгаҩцәа усеиԥш ирԥыло, ирацәажәо маҷуп.

"Аиашаз ҳусура угәы ҟазҵо акәым. Ашәахтә ушәароуп ҳәа ҳзызнеиз "уа бзиала шәаабеит" ҳәа дгәырӷьо даҳԥылом", — иҳәоит Баҭал Логәуа.

Абарҭқәа ирыхҟьаноуп Очамчыра иусура ааныжьны Аҟәаҟа дзиасыз. Очамчыра ашәахтә шәшәароуп ҳәа дзызнеиуаз шамахамзар иидыруаз, иҩызаз, изгәакьаз ракәхеит. Ԥсихологиатә ҟазшьала аусура уадаҩын. Аԥсны асеиԥш аусура иара ахатәы кәама-ҵамақәа аманы иҟоуп.

"Изныкымкәа саниахьан абасеиԥш: аусура аганахь ала сзызнеиз сдыр, сара сганахь ала иҟазшьа иԥсахуан. Аԥсуара аԥсуара ауп, аха аусурагьы усурами. Уус ҟауҵароуп ишакәзаалакгьы", ҳәа игәалаиршәоит Баҭал.

Иара убри аан иара иҳәоит абри амаҵзураҟны аус иуеижьҭеи 25 шықәса ҵуеит, аха инеилыҵыртә еиԥш аӡәгьы дышиванамгалац. Иара ишилшо ала дзызнеиз идеилиркаауеит иусура аҷыдарақәа.

Баҭал иҳәоит, ашәахтәеизгаҩ иусура иацу ауадаҩрақәа шыҟоугьы уи ахьалихыз игәы шеихьнамшьуа, избанзар ибзианы еиликаауеит аҳәынҭқарра аекономика ашьаҭақәа ишыруаку.

Ажәабжьқәа зегьы
0