Sputnik, Сырма Ашәԥҳа.
Иҵабыргыҵәҟьаны, Омар Беигәаа иусумҭақәа зегьы Аԥсуа ҭҵааратә институт аҟны ишьҭоуп. Аҭыжьра азырхиара ианалагоз аамҭазы изныкымкәа ҳаиқәшәахьан, лахраҭ бзиахааит Емма Қьаамын-иԥҳа Кьылба, Маҳинур Папԥҳа, сара.
Убраҟа цәаҳәақәак збеит аԥшьаҩыра еиҭеигон ҳәа рцәажәарақәа қьаадқәак рҟны. Аха, еилкааӡамызт иарбан ԥшьаҩыроу, аԥсылман ԥшьаҩыра акәзу, ақьырсиан ԥшьаҩыра акәзу. Аҵыхәтәаны сара ус еиԥш сыӡбеит, Москва, абиблиа еиҭагара аинститут садҳәалоуп аҟынтә, убраҟа адырра рысҭап, убас еиԥш ишьҭазар Стокгольм, иара ахаҭа абиблиа еиҭагара ахы ахьыкыз аинститут аҟны иҟазар ҳәа агәыӷра сыманы.
Аха, алҵшәақәа ҟамлаӡеит ус еиԥш. Анаҩс, убра адокументқәа ишьҭаз рҟынтәи ихҩылааны адырра рысҭеит Омар Беигәаа ишиҩуаз абас еиԥш ауп ҳәа. Акыраамҭа мап акәын исаҳауаз. Аҵыхәтәаны гәырӷьаҿҳәаша ҳәа ажәабжь сзааит, иҵабыргыҵәҟьаны узыргәырӷьаша усумҭоуп, иаҳзаауышьҭыз ажәабжь еилаҳкааит, уа ишьҭоуп анапылаҩыра ҳәа.
Ашықәс анҵәамҭазы иақәкьыԥхьны исзаарҭиит. Амашьынкаҿы дадтәаланы икьыԥхит, аҭырқәа шрифт ала, атекст аԥсышәоуп, аԥхьажәа иацыз хәыҷык исцәыуадаҩхеит. Аха, Иоанн итәы ҳәа санаԥхьа, ари атекст шаҟантә саԥхьахьо, исыриашахьо ала, ҿырҳәалагьы издыруеит ажәа излалаго, "аханатә иҟан ажәа, уи ажәа нцәан".
Саԥхьо, хәҭа-ҳәҭала анбанқәа алызҩааит. Усҟан акомандировка ҳәа Урыстәылаҟа ҳцеит ҩыџьа-хҩы. Уахь исыманы сцеит ҩажәаҟа бӷьыц. Уахык-ҩаха смыцәакәа исыршеит, даара аинтерес сыман саԥхьап ҳәа. Сагьаԥхьеит, изгаз хәҭак хызҩылааит. Уи нахыс сыццакынгьы иахьатәи ҳашрифт ахь ииазгеит, искьыԥхьит. Уажәшьҭа иусумҭақәа еидызкыло хә-томкны аинститут иҭнажьуа рыгәҭа иҟоуп аҩбагьы.
Омар Беигәаа, 1976-1977 шықәсқәа рзы аҩра далагеит Аԥсны дааны данца ашьҭахь. 1912 шықәса рзы Аԥсны иҭыҵхьаз ашәҟәы атәы идыруан, аԥхьажәаҿы иҳәоит Д. Гәлиа дызлахәыз, уи ихы иаирхәеит ҳәа сызҳәаӡом, еиҿырԥшны уахәаԥшуазар, Гәлиа ихаан еиҭагази иара итәи зынӡаск аҩгарақәа рымоуп, иара иажәа ашьақәгылашьа, иара иазнеишьа.
Иаҳҳәап, ҳара ауахәама ҳҳәозар, иара аныха ҳәа иҳәоит, ҳара агәнаҳа ҳҳәозар, иара агәырԥса ҳәа иҳәоит, ахьӡқәа иԥсахит, иаԥсыуатәны иҟаиҵеит. Пиотр ҳәа, Гәлиа дызлахәыз еиҭеигаз, иара Ахра ҳәа еиҭеигоит. Избанзар, абырзен бызшәа аҟынтәи ианеиҭаго иаанаго ахаҳә ауп ҳәа иҟаз, иара аԥсышәатәны иҟаиҵеит. Ус азнеишьақәа даараӡа иуԥылоит.
Џьарак-џьарак сгәы иаанагоит иахьынтәеиҭеигоз араб бызшәа аҟынтәи ауп, мамзаргьы аҭырқәшәа аҟынтәи ауп. Урҭ абызшәақәа зегьы идыруан, аха араб бызшәа аҟынтәи акәымкәа, аԥсылман дин ныҟәызго рзы еиҭаго ыҟоуп, убри даҿыԥшны еиҭеигазар ҟалап. Аха, аиаша ҳҳәап, иара ибызшәа, иара иҳәоу ашьақәгылашьа, иара еиҭагамҭа даараӡа хәы змоу, даара крызҵазкуа усуп.
Ауаҩытәыҩса дины адәы данықәла нахыс, иара дызлаԥшуа, дызлахәу ижәлар рытрадициа дацклаԥшуеит, ахырхарҭа, аҭоурых, аԥсылман тәылаҿы ииз, аԥсылманра ныҟәызго ақьырсиан ԥшьаҩыра аиҭагараҿы, сара сеигәырӷьаны исыдыскылоит ибызшәагьы. Аха, иара убриаҟара иқәҿиеит, даараӡа угәырӷьаны иудукылаша, узыԥхьаша акоуп.
Иҟоуп атрадициақәа, аиҭагарақәа ҵакыла, ажәала, иара атекст иазааигәаны, аԥхьаҩцәа ирызхәыцны аҵакы аилкаашьагьы, уи даҽа хырхарҭоуп. Иара днадыххыланы, аԥсшәаҟны ацхыраара изҭаша дыҟамкәа, аредактор дамамкәа ус еиԥш иахьеиҭеигаз, иахьазы хәы змоу ус еиԥш авариантқәа ԥшьба ҳамоуп. Аха, сара сгәы иахәо, Стокгольмнтәи иахьсоуз, иӡны иҟоуп, ахаангьы иҳауӡом ҳәа иаҳаԥхьаӡо ҳнапаҿы иҳауит уажәшьҭа. Сынтәа ашықәс иалагӡаны иҭыҵып ҳәа агәра ганы ҳаҟоуп.