Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа Аԥсныҟа амҩа иқәлеит

© Sputnik Роберт ДжопуаАԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа Аԥсныҟа амҩа иқәлеит
Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа Аԥсныҟа амҩа иқәлеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа Иерусалим иҟан ҩымчыбжьа инареиҳаны. Аԥсныҟа рыхынҳәра аламҭалаз ҳкорреспондент Роберт Џьопуа дрыҿцәажәеит ҳаԥшьаныҟәаҩцәа.

Аб Свиатослав аԥшьаныҟәаҩцәа рнеирҭа-рааирҭеи, уа рыҟазаара апрограммеи дырхылаԥшуан.

"Ҳара Амшаԥ Адгьыл ԥшьаҟны ҳаԥылеит. Уи даара гәырӷьароуп адоуҳатә ԥсҭазааразы. Иаҳхылаԥшу идгьылтә ԥсҭазаара еилкааны уи амҩа ҳақәныҟәароуп. Ҳара Иерусалим Иаса Қьырса дызнысыз амҩа ҳанысит. Ҳалала иаабеит уи ауадаҩра. Уи иаабаз ҳара ԥхьаҟагьы ҳхы иаҳархәалароуп", — иҳәеит аб Свиатослав.

Стелла Ҭаркьылԥҳа ԥшьынтәуп Иерусалимҟа абарҭ аамҭақәа рзы даауеижьҭеи.

"Сара сзы зегьы ирыцкуп Амца ԥшьа агылара. Агәахәара ду снаҭоит Аԥснынтәи арахь иаауа аԥшьаныҟәаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иахьазҳауа. Анцәа иҳәааит дарбанызаалак ақьырсиануаҩ Аԥшьа ҭыԥқәа рахь аара рылшо", — лҳәоит Ҭаркьылԥҳа.

Аида Есава Аԥшьа дгьыл аҟны лыҟазаара аџьашьахәы иадылкылоит.

"Ишырҳәаҵәҟьоу ауп ишыҟоу. Адгьыли ажәҩани гәырӷьоит. Абарҭ амшқәа раан ихыжжуа агәырӷьара иааукәыршаны иҟоу ирзушарц уҭаххоит", — лҳәоит лара.

Есма Ҭраԥшьԥҳа иазгәалҭоит абраҟа, Иерусалим, адунеи зегьы аҽакала иубо ишалаго.

"Иерусалим аҩнеиԥш Анцәа уиашьапкӡом. Араҟа иара иҟаиҵо аҭакқәа урзыӡырыҩуеит. Араҟа удоуҳамч Анцәа иԥыларахь амҩа иқәлоит. Ишиԥылогьы уныруеит", — лҳәоит Ҭраԥшьԥҳа.

Лолита Ҳагԥҳа лакәзар раԥхьаӡа акәны Иерусалимҟа дааит.

"Сыҩныҵҟа иҟоу аҳәара ажәала иуадаҩуп. Иордан аӡы сҽанӡаасшь ашьҭахь исхатәаз аҭынчра убасеиԥш икашырран, ҳәашьак сзамҭао", — лҳәоит Ҳагԥҳа.

Амҽыша, мшаԥымза 16 рзы Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа Иерусалим Анцәа иашьапкра рҽалархәны рыԥсадгьыл ахь амҩа иқәлеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0