Сҭамԥыл ақалақь аҟны зықьҩыла ауаа ареферендум иаҿагылоит

© REUTERS / Kemal AslanСҭамԥыл ақалақь аҟны зықьҩыла ауаа ареферендум иаҿагылоит
Сҭамԥыл ақалақь аҟны зықьҩыла ауаа ареферендум иаҿагылоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сҭамԥыл ақалақь аҟны зықьҩыла ауаа ареферендум иаҿагылан амҩадуқәа рахь икылсит. Уаанӡа, 51% Ҭырқәтәыла атәылауаа апарламенттә напхгара ацынхәрас апрезиденттә напхгарахь аиасразы рыбжьы рҭиит ареферендум аҟны.

АҞӘА, мшаԥымза 18— Sputnik. Сҭамԥыл ақалақь аҟны зықьҩыла ауаа ареферендум иаҿагылан амҩадуқәа рахь икылсит. Уаанӡа, 51% Ҭырқәтәыла атәылауаа апарламенттә напхгара ацынхәрас апрезиденттә напхгарахь аиасразы рыбжьы рҭиит ареферендум аҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Франс Пресс адыррақәа рышьаҭала.

Амаҵзура ишаанацҳауа ала, Бешикташи Кадыкееи араионқәа рҟны зықьҩыла ауаа аҿагыларатә акциақәа мҩаԥыргоит.

Аконституциатә ԥсахрақәа уаанӡа Ҭырқәтәыла Апарламент адепутатцәа адгылара арҭахьан, атәыла Апрезидент Реджеп Таип Ердоган инапы аҵаиҩхьан.

Аҿагыларатә акциақәа раан азинеилагарақәа ртәы ҳәа акгьы аацҳам.

Ажәабжьқәа зегьы
0