Хьыбла Амҷԥҳа: агуманитартәи аполитикатәи зҵааарақәа реидҳәалара иашам

© Фото : страница Хиблы Амичба в FacebookГерманиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа арадио Sputnik астудиаҿы далацәажәеит Аԥсны иазкны Кельн ақалақь имҩаԥысуаз "астол гьежь".

Аҟәа, 19 апр — Sputnik, Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Агуманитартә проблемақәа аполитикатә зҵааарақәа ирыдҳәаланы рыхәаԥшра шиашам иалацәажәеит имҩаԥгаз "астол гьежь аҿы. Абри атәы азгәалҭеит Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа. 

"Аԥсныи Европеи реизааигәахара амҩақәа" захьӡыз астол гьежь иалахәын Бундестаг адепутатцәа, ақыҭанхамҩеи аенергетикеи рминистрра аусуҩцәа, Бергхоф афонд ахаҭарнакцәа, аполитологцәа, аекспертцәа.   

"Аԥсны иқәынхо аҿар аполитикатә проблемақәа ирыхҟьаны аҭагылазаашьа уадаҩрақәа рзаԥҵара иашаӡам аринахысгьы. Ари апроблема нырҵәатәуп. Ҳара ҳрылацәажәеит апроблемақәа жәпакы, раԥхьаӡа иргыланы Аԥсны аизолиациа аԥыхшьас иамоузеи, абри апроблема аҿагылашьас иамоузеи, авизатә проблема, аҵарадырратә проектқәа ралахәра, жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа, афестивальқәа", — лҳәеит Хьыбла Амҷԥҳа.  

Имҩаԥысхьоу аформатқәа зегьы излареиԥшым уи ауп, раԥхьаӡакәны аофициалтә парламент адепутат дахьалахәыз аиԥылара, лҳәеит Амҷԥҳа.

Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра 

"Уи адагьы асоциалтә усмҩаԥгара аҳасабала ҳахәаԥшуеит ҳаиԥылара, избан акәзар уи иалахәын егьырҭ Германиатәи аҳәынҭқарратә структурақәа рхаҭарнакцәагьы", — азгәалҭеит Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак. 

"Аԥсныи Европеи реизааигәахара амҩақәа" захьӡыз астол гьежь ахь азҿлымҳара аарԥшын. 

"Аԥсны ибзианы издыруа ҳаиԥылара иалахәыз алацәажәеит доусу дара рганахьала, дара ишырбо ала разнеишьа аадырԥшит. Ирҳәеит Аԥсны ажәлар Европатәи ахәыцшьа, Европатәи аҵара шрымоу. Даҽа ганкахьала рыхәаԥшрагьы шыҟамло", — лҳәеит Амҷԥҳа.  

Хьыбла Амҷԥҳа иазгәалҭеит қырҭтәылатәи аган есымша ас еиԥш Аԥсны иазку астоль гьежьқәа еснагь аҿагылара шарҭо, ишырҩуа ашәҟәқәа Германиа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь. 

Ажәабжьқәа зегьы
0