Захарова: Аԥсны аҟынтәи ҳазыԥшуп "атәылауаҩрақәа ҩба" апроект азы агәаанагарақәа

© SputnikАԥсны ауааԥсыра ртәылауаҩшәцәқәа
Аԥсны ауааԥсыра ртәылауаҩшәцәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаранӡа Аԥсны ауааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩра роуан џьынџьуаак рыҳасаб ала, ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо Урыстәыла Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахаҭарнак Мариа Захарова.

АҞӘА, мшаԥымза 19— Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Урыстәылатәи Афедерациа Аԥснаҟынтәи иазыԥшуп "атәылауаҩрақәа ҩба" апроект азы агәаанагарақәа. Абри атәы ҳзеиҭалҳәеит Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо Урыстәыла Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахаҭарнак Мариа Захарова.

"Аԥсны атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра роура апроцедурақәа рырмариара урыстәылатәи аган ахыдҵақәа ируакуп, 2014 шықәса рзы Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара анапы зҵаҩу "Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы" Аиқәшаҳаҭра ирықәшәоит. Урыстәылатәи аган абри аганахь ала аиқәшаҳаҭра апроект азнархиахьеит. Ҳара ҳгәаанагарала иара аусура иалагароуп егьырҭ аиқәшаҳаҭрақәа ирыцны. Иазырхиоу апроект аԥсуа ган иаҭан 2016 шықәса абҵарамзазы. Аҭак ҳазыԥшуп", — лҳәеит Захарова.

Захарова иазгәалҭеит иахьагьы ишыҟоу имаҷымкәа "атәылауаҩрақәа ҩба" змоу ауаа.

Урыстәыла Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахаҭарнак Мариа Захарова лажәақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь Аԥсны атәылауаа рганахь ала аус руеит егьырҭ атәылақәа ртәылауаа рахь ахархәара змоу аԥҟаррақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0