Аекономика аминистрра аекспортиорцәа рыцхрааразы 50 миллион мааҭ рзоурыжьуеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥарақәа
Аԥарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистрра аекспорт адгылареи азыҳаҵҳаҵареи рзы апрограмма аус аднаулеит. Апрограмма азырхоуп аԥснытәи ааглыхыҩцәа рыдәныҟахәаахәҭратә усура аҭагылазаашьа армариаразы ҳәа арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Ҭарба.

АҞӘА, мшаԥымза 14 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аекономика аминистрра аекспорт адгылареи азыҳаҵҳаҵареи рзы апрограмма аус аднаулеит, 50 миллион рҟынӡа аԥарагьы рзоурыжьраны иҟоуп. Апрограмма азырхоуп аԥснытәи ааглыхыҩцәа рыдәныҟахәаахәҭратә усура аҭагылазаашьа армариаразы, ҳәа арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Ҭарба.

"Ҳара Амилаҭтә банк ахь азыҳәа ҟаҳҵеит аекспортиорцәа еидкыло ркредитқәа рхышәа-ҵышәазы. Иҳауз аҭак инадҳәаланы иҳаӡбеит актәи ашықәс азы 10 миллионк рзоуҳажьырц, егьырҭ иааиуа ашықәсқәа рзы 50 миллион рзоуҳажьырц", — иҳәеит Ҭарба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны Аекономика аминистрра аекспорт адгылареи азыҳаҵҳаҵареи рзы аус зыднаулаз апрограмма азырхоуп аԥснытәи ааглыхыҩцәа рыдәныҟахәаахәҭратә усура аҭагылазаашьа армариаразы ҳәа.

Апрограмма амеханизм иалнаршоит абанкқәа рҟны акредитқәа рпроцентқәа рганахь ала анаплакыҩцәа рхарџьқәа рыхәҭак ахахьы агара.

"Аекспортиор акоммерциатә шьаҭала абанк аҟны акредит игар, аҳәынҭқарра уи апроцент ашәаразы ихарџьқәа ханарҭәаауеит. Анаплакыҩцәа акредит агарагьы еиҳа ирзымариахоит. Сгәы иаанагоит ҳхахьы агара ҳалшап ҳәа 8% рҟынӡа", — иҳәоит Ҭарба.

Аԥснытәи аекспортиорцәа рзы ипроблема хаданы иҟоу раалыҵ аԥхасҭахара зыхҟьар ауа Псоутәи аҳәааҟны абиурократиатә ҭагылазаашьақәа риааироуп. Аекономика аминистрра иалшо зегьы ҟанаҵоит асеиԥш иҟоу апроблемақәа раԥыхразы, иҳәеит Ҭарба.

Ажәабжьқәа зегьы
0