АҞӘА, мшаԥымза 20 –Sputnik, Бадраҟ Аҩыӡба. Хара имгакәа аҩныцҟатәи аԥсуа паспорт ҿыц ала Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаа ахысра ҟалоит, мызки мызки-бжаки рышьҭахь, абри атәы иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр, аԥшьаша имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.
"Иахьатәи аамҭазы аҳәаа ахысра апаспорт ҿыц ала макьана изалыршахом, ҳара ҳпаспорт ҿыц азы аинформациа рзынаҳашьҭит иахәҭаз Урыстәылатәи Афедерациа аусбарҭақәа рахь. Хара имгакәа аинформациа апостқәа рахь инагахоит", — ҳәа ациҵеит Ақаҩба.
Аԥсуа паспорт ҿыц ахара азымариам, ахархәара рыман ҳаамҭа иақәшәо изыхьчо атехнологиақәа.