АҞӘА, мшаԥымза 20 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ахаша, мшаԥымза 19 рзы Гәдоуҭа араион аҟны иҟалаз амҩатә машәыр аҟны иҭахеит хҩык ауааԥсыра. Абри атәы ҳкорреспондент изааицҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Мизан Ломиа.
"Иҭахеит: амашьына аԥсҟы зкыз Иракли Гагәсаниа, 1990 шықәса рзы ииз, апассаџьырцәа ҩыџьа — Татиана Чаукина (Вологодсктәи аобласт), 1972 шықәса рзы ииз, Ельмира Шириева (Мурмансктәи аобласт), 1979 шықәса рзы ииз", — иҳәоит Ломиа.
Амашәыр ҟалеит ҳәа адырра ҟаҵан асааҭ 13: 50 минуҭ рзы.
"Амашьына иҭатәаз ахҩыкгьы аҭыԥ аҟны рыԥсҭазаара иалҵит", — еиҭеиҳәоит Ломиа.
Амҩатә машәыр амашьына аццакра иахҟьазар алшоит, ҳәа агәаанагара имоуп Аԥсны ААИ аиҳабы Наур Смыр.
Наур Смыр иара убасгьы иазгәеиҭеит, амашьына аԥсҟы зкыз изныкымкәа амҩатә ԥҟарақәа ахьеилеигоз дахырҟьаны лахь ирҭахьан ҳәа.