Аԥсны аҭоурыхтә конкурсқәа рҟны иаиааиз Казанҟа ицоит

© Sputnik / Андрей Иглов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны аҭоурыхтә конкурсқәа рҟны иаиааиз Казанҟа ицоит
Аԥсны аҭоурыхтә конкурсқәа рҟны иаиааиз Казанҟа ицоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еиҿыркаауеит апроект "Мшыбзиа, Урыстәыла" агәыԥ. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ашколхәыҷқәа аҵара-дырратә ныҟәарақәа мҩаԥыргараны иҟоуп урыстәылатәи ақалақьқәа рышҟа.

АҞӘА, мшаԥымза 20 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҭоурых иазку аконкурс аҟны зҽалызкаауа ахәыҷқәа рҟынтәи Аԥсны еиҿыркаауеит апроект "Мшыбзиа, Урыстәыла" агәыԥ. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ашколхәыҷқәа аҵара-дырратә ныҟәарақәа мҩаԥыргараны иҟоуп урыстәылатәи ақалақьқәа рышҟа.

Урҭ ирылахәхоит Аԥснытәи ашколхәыҷқәагьы. Урҭ нанҳәамзазы Казанҟа ицараны иҟоуп, ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу аурыс культуратә Центр аиҳабы Наталиа Каиун.

"Атест аихшьаалақәеи, ажәеиҭаҳәа "Аибашьра салацәажәоит аӡбахә мацара шсаҳахьоугьы" аҟны ироуз ахәшьарақәеи ирымаданы еиҿаҳкаараны ҳаҟоуп еиӷьу рҟынтәи 18-ҩык злахәу агәыԥ", — лҳәеит Каиун.

Наталиа Каиун лажәақәа рыла, атест мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа "Москва аҩны" аҟни Гагра Ацентртә библиотека аҟни, асабша, мшаԥымза 22 рзы.

Апроект аԥаразоужьра мҩаԥнагоит Урыстәылатәи Афедерациа. Есышықәса иара аҳәаақәа ирҭагӡаны ашколхәыҷқәа урыстәылатәи ақалақьқәа ирҭаауеит. 2016 шықәса рзы Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Санкт-Петербург иҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0