АҞӘА, мшаԥымза 24 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо аерманцәа мшаԥымза 24 аҽны иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы миллионки бжаки рҟынӡа аннырҵәаз ахҭыс. Мшаԥымза 24 рзы Аҟәагьы иргәаладыршәон Османтәи аимпериаҿ инхоз аерманцәа рнырҵәара амш.
Аҟәа аерманцәа робшьчина ахеилак ахантәаҩы Сурен Керселиан Sputnik акорреспондент аинтервиу иҭо иҳәеит, ареспубликаҿ иҟоу аерман школқәа зегьы рҟны ишымҩаԥысуа агәалашәаратә урокқәа.
"Аерман школ №9 аҟны имҩаԥган ацәыргақәҵа. Афотосахьақәа иаадырԥшуан арыцҳара ду. Араҟа ицәырган агеноцид азхазҵаз атәылақәа рбираҟқәа. Урҭ есышықәса ирыцлоит. Иахьазы 30 рҟынӡа ҳәынҭқарра ыҟоуп", — иҳәеит Кереселиан.
Иара иажәақәа рыла ари амш аерман жәлар рҭоурых аҟны акрызҵазкуа мшны иҟоуп.
Аԥсны жәлар Реизара – Апарламент адепутат Ашот Миносиан иазгәеиҭеит, шәышықәса раԥхьа миллионки бжаки рҟынӡа аерман милаҭ уахыки-ҽнаки рыла ишнырҵәаз.
"Ҳара арҭ амш еиқәаҵәақәа ахаангьы иҳазхаршҭуам. Ҳара иаҳҭахуп усеиԥш ахаангьы ҟалашьа амоурц. Ҳара ҳзы мацара акәым адунеи ажәларқәа рҟынтәи аӡәгьы уи аҩыза иақәымшәарц ҳҭахуп", — иҳәеит Миносиан.
Адунеи ахы-аҵыхәа инхо аерманцәа зегьы мшаԥымза 24 рзы иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы аҭыԥ зауз арыцҳара ду.
1914 шықәса рзы адунеи аҟны инхон 4,1 миллионҩык аерманцәа. 2,1 миллионҩык нхон Османтәи аимпериа иахьаҵанакуаз, 1,7 миллион — Урыстәыла, 100 000-ҩык —Персиа, 200 000-ҩык егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны.
1915–1923 шықәсқәа рзы Османтәи аимпериаҿы инырҵәан 1,5 миллионҩык, иблын 60 рҟынӡа қалақь, 2,5 нызқь қыҭа. Миллионҩык рҟынӡа рынхарақәа ирхыҵит.
Агеноцид афакт азхарҵахьеит Урыстәыла, Франциа, Швеицариа, Польша уҳәа 30 рҟынӡа ҳәынҭқарра.