25 шықәса рышьҭахь Аԥсадгьыл еиҭах абара: аиаҳәшьцәа Ашьхаруаԥҳацәа хынҳәит

© Foto / Сырма АшәԥҳаЕлифи Фиген Ашьхаруаԥҳацәа
Елифи Фиген Ашьхаруаԥҳацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, абҵарамза 1993 шықәса рзы, Ҭырқәтәылантәи ԥшьҩык аҭыԥҳацәа рҭаацәа ирцәыбналаны рыԥсадгьыл ахь иааит. Ашәԥҳа Ааишьагиуль, Зелиҳа Ажьиԥҳа, Фигени Елифи Ашьхаруаԥҳацәа. 25 шықәса рышьҭахь, аиаҳәшьцәа Фигени Елифи рҭоурыхтә ԥсадгьыл раԥхьаӡа акәны иаҭааит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Ҭырқәтәылантәи зыԥсадгьыл ахьчара иааз арԥарцәа инарышьҭарххны, абҵарамзазы Аԥсныҟа рҭаацәа ирцәыбналаны иааит аҭыԥҳацәагьы. Ашьхарааԥха Елиф илхыҵуан зеижә шықәса, лаҳәшьа Фиген ҩажәиак шықәса.

Елифи Фиген Ашьхаруаԥҳацәа ргәалашәарақәа рҿы ирҳәоит, ҳара ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы ҳаҟоуп, агәҭынчра ҳацуп, агәырӷьара амҵәыжәҩақәа ҳартәыртәуеит, ҳәа. 

"Аԥсны излагаз аибашьра аӡбахә ҳаҳауан Ҭырқәтәыла ҳаныҟаз. Абҵарамзазы ҳҩыза Ефқан Цыба аибашьраҿ дҭахеит. Уи даара гәыхьс иҟаҳҵеит. Ҳҩызцәеи ҳареи Аԥсныҟа ҳазлаара амҩа ҳашьҭалеит", ҳәа рҳәоит дара.  

Ҭырқәтәыла ианыҟаз, лассы-лассы рҩызцәа зныз авидеокассетақәа ирыхәаԥшлон. Уа зегьы ирҳәоз акакәын: "Ҳаԥсадгьыл ҳахьчароуп, доусы излаҳалшо ала, ҳхы ҳамеигӡароуп". Урҭ ажәақәа, хымԥада ирныруан даргьы. Мышқәак рыла рҽеиқәдаршәеит.

"Иҳамаз-иҳахӡыз зегьы ҭины, ҳаԥсадгьыл ахь амҩа ҳақәлеит. Аԥсныҟа ҳшаауаз уаҩы иаҳамҳәаӡеит, ҳҭаацәа ираҳар ҳҭахымхеит, ҳаармышьҭыр ҳәа ҳшәон", — ҳәа иргәаладыршәоит аиаҳәшьцәа.

Уаҵәы амҩа иқәлараны уахеиԥш, Жьиԥҳа Зелиҳа дара рахь аҩныҟа дааит, Ааишьагиуль Ашәԥҳа, лара лыҩны даанхеит лашьцәа еилыркаар ҳәа дшәеит. Адырҩаҽны аҳаиртә баӷәазаҿы иааит… Абас, ирулак иааит Аԥснынӡа.   

"Аԥсныҟа ҳаара аӡбахә Ҭырқәтәыла ахы-аҵыхәа ираҳаит, агазеҭқәа ирнырҵо иалагеит. Ҳҭаацәа ҳашьҭаланы иаауа иалагеит. "Шәҩызцәа хьаас шәхы рышәҭоит", рҳәеит. Убас ҩымз ҳаибарххон, анаҩс ҳаиҳабацәа хьаас ҳхы раҳҭарым ҳҳәан, ишхьааҳгоз Ҭырқәтәылаҟа ҳхынҳәит", — рҳәоит дара.  

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа раара аҵкьыс, Аԥснынтә уахь рцара еиҳагьы ирцәыуадаҩхеит. Убасҟан ауп ианеилыркаа, Аԥсадгьыл уахьиз акәымқәа, угәеисыбжь ахьго шакәу! Дара Аԥсныҟа хынтәуп иаауеижьҭеи. Усҟангьы уажәгьы арахь ианаауаз ргәы хыҭхыҭуан.

"Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны, 1991 шықәса рзы Ҭырқәтәылантәи Кандид Ҭарба напхгара зиҭоз 70-ҩык еидызкылоз акәашаратә ансамбль ҳалахәны ҳаахьан. Усҟан иҿыхахьан Аԥсадгьыл ахь ҳгәыбылра. Аибашьра аамҭазы арахь ҳанаауаз, хымԥада ҳгәы хыҭ-хыҭуа амҩа ҳақәын", — рҳәоит аиаҳәшьцәа.

Аза Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ахатәы бызшәа агьама амч ӷәӷәоуп

25 шықәса раԥхьа, аибашьра ашьҭахь, раԥхьаӡа акәны ҩаԥхьа иааит Аԥсныҟа. Аибашьра аамҭазы ианаауаз еиԥш ргәы хыҭхыҭуан.

Ҳауаажәлар ирыԥсҭазаашьоузеи, ихьыԥшым зых иақәиҭу аҳәынҭқарра ҳамоуп, уахь амҩа ҳақәуп, уи ус ҿык-бзык ала иузеиҭаҳәом аҭагылазаашьа, иузцәырҵуа ацәаныррақәа.

"Хынтә Аԥсныҟа ҳаара, ҵакык-ҵакык амоуп, аҭагылазаашьақәа хаз-хазуп, аха лҵшәак ауп иаанашьҭуа. Ҳара ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы ҳаҟоуп, агәҭынчра ҳацуп, агәырӷьара амҵәыжәҩақәа ҳартәыртәуеит", — ҳәа рҳәоит аиаҳәшьцәа. 

Аибашьра аԥхьагьы, аибашьра аамҭагьы, уи анаҩсангьы ирныруан иртәу, ирызгәакьоу дгьылк ахь ишцоз. Аԥсуаа ажәаԥҟаны ирҳәоит: "Аӡы ахьышьҭрахь игьежьуеит", ҳәа. Уи иахылҵуа амцабз иҿымцәаауа ирыцроуп. Дара рхьышьҭрахь ихынҳәит. Рабдуцәа еснагь еиҭарҳәоз рыԥсадгьыл иадҳәалаз аҭоурых, аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы ирныруа иалагеит.

Дара рабду иаб иҭаацәа ахҷыԥсаа ахьынхоз аҭыԥ аҟынтә ахҵәара иқәшәеит. Хәсеин ихьӡын. Ран д-Аиқәысԥҳауп, Аисун лыхьӡуп. Аԥсныҟа иааижьҭеи мышкоуп иҵуа. Аԥсны излатәылауаҩу ала апаспортқәа реиқәыршәара иаҿуп. Мышқәак рыԥсадгьыл аҿы иҟоуп.

"Аԥсны ҳгәазхара иаҳбараны ҳаҟоума?! Хәыцрашәкы ҳаимаркуеи", — рҳәоит Фигени Елифи.

Ажәабжьқәа зегьы
0