Ицәажәоит Аԥсуа радио: шьҭа 85 шықәса

© Fotolia / VectorassМшаԥымза 30 рзы Аԥсуа радио 85 шықәса ахыҵуеит
Мшаԥымза 30 рзы Аԥсуа радио 85 шықәса ахыҵуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза 30 рзы Аԥсуа радио 85 шықәса ахыҵуеит. Sputnik акорреспондент Бадри Есиава иҿцәажәоз Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра уаанӡатәи адиректор Гәырам Амқәаб далацәажәеит арадио знысыз аҭоурых мҩа.

Аԥсуа радио раԥхьатәи ашьаҿақәа аҵанакуеит 1920-тәи ашықәсқәа. Аҟәа иқәыргылан Урыстәылатәи ателемаҵзура Кавказтәи аҟәша аҟынтәи аинформациа здызкылоз арадиостанциа. Аҭоурых наукақәа ркандидат Гәырам Амқәаб ишәҟәы "Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа ауаажәларра аполитикатә система" аҟны иҩуеит Аԥсны аофициалтә радиоканалқәа реизҳара аамҭазы арадиобзиабарагьы аларҵәара шаиуаз.

"Аԥсуа радио аҭоурых СССР арадио аҿиара аҭоурых иадҳәалоуп. Ҳара ҳҟны, 1926 шықәса рзы еиҿкаан "Арадио аҩызцәа реилазаара". Иара шьаҭаны иаиуит 1932 шықәса рзы Аԥсуа радио аҿиарагьы", ҳәа еиҭеиҳәоит Гурам Амқәаб.

Аԥсуа радио ацәажәара иалагеит мшаԥымза 30 1932 шықәса рзы. Иуҳәар ауеит арадиогазеҭ аформат аман иҟан ҳәа. Аԥсуа бызшәала "Аԥсны ҟаԥшь" ажәабжьқәа ирыԥхьон, урыс бызшәала – "Советскаиа Абхазиа" аматериалқәа.

Гәырам Амқәаб аҳәынҭқарратә радиодырраҭара иахыҵхырҭан ишьоит абарҭ аамҭақәа.

Аԥсуа радио аусура - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа радио 83 шықәса ахыҵит

"Усҟантәи ашықәсқәа рзы арадио аиҿкаареи арҿиареи рнапы ианҵан агазеҭқәа русзуҩцәа. Дара ирхықәкы хаданы иҟаз, агазеҭқәа ирныз ажәабжьқәа иаарласны ареспублика ауааԥсыра дырҳара акәын, избанзар агазеҭқәа иахьахәҭаз рнеира аамҭа рацәа ақәырӡтәын", — иҳәоит ажурналист.

Аԥсуа радио ахатәымҩа, ахатәхырхарҭа ашьақәыргылара иаҿын. Раԥхьатәи иара аусзуҩцәа, аԥсышәалеи урысшәалеи адырраҭарақәа рымҩаԥгаҩцәа Мушьни Аҳашбеи Сандро Сангәлиеи "Аԥсны ҟаԥшь" аҟынгьы аус руан.

Гәырам Амқәаб иарбанызаалак арадио ателехәаԥшра амчра аинститутқәа ирыҵеикуеит, урҭ аполитикатә ҟазшьа рымамзароуп ҳәа ишьоит, аха аҭоурых ишаҳнарбо ала уи ус акәым. Шамахамзар анапхгаратә елита аидеологиоуп иаладырҵәо. Абри изацәымцеит усҟантәи ашықәсқәа рзы Аԥсуа радиогьы. Ақалақьқәа рҟны абжьыҭгагақәа рыла зегьы иддырҳауан "ажәлар раӷацәа" рганахь ала имҩаԥысуаз аӡбаратә процессқәа. Аӡбарақәа мҩаԥысуан Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны.

Аԥсуа радио азхьаԥшра ду аиҭон Нестор Лакоба. Иара иаԥшьгаралоуп ареспубликаҟны ишыргылахаз арадиостанциа ҿыц. Иахьатәи Аԥсуа радио иамоу алшарақәа, ҳәарада усҟантәи Аԥсуа радио иамамызт. Ауаа рыҩныҟақәа рахь акыр ихьшәаноуп ишнагахаз.уи ацынхәрас ашҭа дуқәа рҟны, адәны икнаҳан абжьыҭгагақәа.

Сталин ихаан ажәа ахақәиҭра акырӡа иԥкын. СССР зегьы еиԥш, Аԥсынгьы ус акәын ишыҟаз.

Адырраҭарақәа реиҳарак рҵакы атеизм аҟазшьа рыман, лассы-лассы агазеҭқәа рҟны икьыԥхьыз Сталин иқәгыларақәа, иажәахәқәа ирыԥхьон. Урҭ аԥсуа бызшәахьгьы еиҭаргон. Ахатәы тематикатә дырраҭарақәа усҟан азы ишьақәымгылацызт. Урҭ хацыркхеит 1935 шықәса рзы.

Иԥшаау адырраҭаратә ҳа асиаҟны иарбоуп амузыкатә номерқәа – Аԥсны жәлар рхор ашәақәа.

1941 шықәса рзы СССР анапхгареи Қырҭтәыла арадиоеилахәыреи рыдҵала Аԥсны иахьаҵанакуаз арадиодырраҭарақәа аанкылан. Аибашьра ҿыҵгас иҟалеит "аиҭакразы". Ҩымз ааҵуаны адырраҭарақәа хацдыркит, аха аԥсуа

бызшәа аефир иагәылхын. Ҳәарада, ари аԥсуа интеллигенциа агәыԥжәара рызцәырнагеит, аха аҭагылазаашьа анырра аҭара рылымшеит.

"Аригьы аԥсуа жәлар рассимилиациа аметодқәа ируакын. Қырҭтәыла аԥсуа бызшәа аҿиара ишалшоз ала иԥнакуан. 30-тәи ашықәсқәа рзоуп абжьыуатәии бзыбтәии адиалектқәа ҳәа агәаанагара анцәырырга. Сара уи сақәшаҳаҭым. Адиалект аилибакаара унаҭаӡом, аԥсуа бызшәаҿ иҟоу адиалект акәӡам – абжьыуатәии бзыбтәии аҳәашьақәа роуп", — иҳәоит Амқәаб.

Иара агәрагара имоуп асеиԥш агәаанагара зцәыргаз аԥсуа бызшәа аҿиараз акәымкәа, ашьҭархараз шакәу, милаҭк иаҵанакуа ауаа рыбжьара аиҟәшара ишазырхо.

Аԥсышәала арадиодырраҭарақәа еиҭахацыркхеит Сталин иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, 1953 шықәса рзы

Ажәабжьқәа зегьы
0