Аҳҭнықалақь аҟны апрофилактикатә усурақәа мҩаԥгахоит

© Sputnik Виктор Толочко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳҭнықалақь аҟны апрофилактикатә усурақәа мҩаԥгахоит
Аҳҭнықалақь аҟны апрофилактикатә усурақәа мҩаԥгахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, мшаԥымза 26 рзы Аҟәа агәы, Алашарбага араион, ВИЕМ иахьаҵанакуа, Ажәытә ҳаблеи Араион ҿыци рҟны аӡыржәтә аанкылахоит.

АҞӘА, мшаԥымза 26 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аӡы аанкылара "Аӡыканал" аусурақәа ирыдҳәалам. Уажәазы аусурақәа мҩаԥызго "Амшынеиқәафымцамч" ауп иҳәеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз Аҟәа ақалақь Ахадара акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба.

"Анасостә станциақәа ахьыҟоу Аҟәатәи араион аҟны афымцамч ахьыҟам инадҳәаланы астанциақәагьы аус рызуам. Апрофилактикатә усурақәа маҷк ихьшәаны ирылагоит. Убри азы ашьыжь аӡы ауҳажьыр ауеит, афымцалашара ыҟанаҵы" — иҳәеит Аҳәба.

Афымцамч анаанкылахалак ашьҭахь анасосқәа мблырц азы аусура иаҟәырхуеит. Афымцалашара шааҟалалак аӡгьы рыҭахоит ауааԥсыра.

"Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада Ҭемыр Кациа иҳәеит афымцалашара астанциаҟәша "Аҟәа 2" аҟны ишаанкылахо мшаԥымза 26 асааҭ 10 инаркны асааҭ 17 рҟынӡа.

Ҭемыр Кациа иазгәеиҭеит, шықәсык ахь ҩынтә астанциаҟәшақәа рҟны абасеиԥш иҟоу апрофилактикатә усурақәа шымҩаԥырго.

Ажәабжьқәа зегьы
0