Аԥснытәи ашьапылампыл абзиабаҩцәа ConIFA ачемпионат ахь рцара еиҿыркаауеит

© Sputnik Томас ТхайцукАстадион "Динамо".
Астадион Динамо. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагоит рашәарамза 4 рзы, ихыркәшахоит рашәарамза 10 рзы финалтә хәмаррала.

 АҞӘА, мшаԥымза 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи ашьапылампыл абзиабаҩцәа ConIFA ачемпионат ахь рцара еиҿнакаауеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ҳәа ҳкорреспондент изеиҭарҳәеит Афедерациаҟны.

"Ашьапылампыл абзиабаҩцәа, Кипрҟа ацара зҭаху, Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациахь инаргароуп урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рыхкьыԥхьаа. Нас, ҳара асасааирҭатә номерқәа заа иҿаҳҵоит", — рҳәеит Афедерациаҟны.

Аԥснытәи акоманда ConIFA аверсиала ачемпионат аԥшәмацәа ирыцыхәмаруеиит 2017 шықәсазы - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи акоманда ConIFA аверсиала ачемпионат аԥшәмацәа ирыцыхәмаруеиит 2017 шықәсазы

Астадионқәа рахь ачемпионат аан анеира хәыда-ԥсадоуп.

"Уахыки-ҽнаки асасааирҭаҿ анхареи акрыфарачареи 60 евро шьақәнартәоит", — рҳәеит аиҿкааҩцәа.

Ачемпионат ахь ицо Шәачантәи Сҭамԥылнӡа ҳаирпланла иԥыруеит, нас Аҩадатәи Кипр ареис ахь ииасуеит. Кипрҟа ацара аиҿкааҩцәа заанаҵтәи азыҳәақәа рыдыркылоит абри аҭел ала: +79409972429.

Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагоит рашәарамза 4 рзы, ихыркәшахоит рашәарамза 10 рзы финалтә хәмаррала. Аԥсны еизгоу акоманда аҵәҭаԥсарала агәыԥ "А" аҟны ихәмаруеиит. Аԥснытәи акоманда ачемпионат аԥшәмацәа, Аҩадатәи Кипр ахәмарцәа ирыцықәгылоит.

Абри агәыԥ ахь иақәшәеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Карпаталии ркомандақәа. Атурнир иалахәуп аа-командак. Агәыԥ "В" ахь иаҵанакит: Паданиа, Секеитәи атәылаҿацә, Ницца, адгьылбжьахақәа Мен ркомандақәа.

Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагоит рашәарамза 4 рзы, ихыркәшахоит рашәарамза 10 рзы финалтә хәмаррала.

Ажәабжьқәа зегьы
0