00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Атәанчахәқәа реизырҳаразы азакәан апроект иалацәажәаран иҟоуп Жәлар Реизараҿы
13:17
5 мин
Аицәажәара
Лада -Ешыратәи абжьаратә школ аиҭашьақәыргылара иаҿуп: аиҳабы лыҿцәажәара
13:22
12 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Актуальный комментарий
Прогноз погоды в Абхазии до конца сентября
14:52
6 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Гарцкьиа: ашәарҭадареи ацқьареи акурорттә сезон бзиаз ихадароуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара анҭыҵтәи реилатәара мҩаԥысит мшаԥымза 27 рзы Гагра. Аилатәара азкын акурорттә сезон ареспублика шазыхиоу аилацәажәара.

ГАГРА, мшаԥымза 27 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара анҭыҵтәи реилатәараан Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа иазгәеиҭеит акурорттә сезон қәҿиарала имҩаԥысырц азы ихадараны иҟоу аԥсшьаҩцәа ршәарҭадареи, ацқьареи афатә-ажәтә рхаҭабзиареи роуп ҳәа.

"Акурорттә сезон активла аҽазыҟаҵара ҳаҿуп. Амаршрут ҿыцқәа еиҿаҳкааит. Ҳобиектқәа ӡырызгаша аброшиурақәа ҭҳажьхьеит. Уажәазы аекскурсиамҩаԥгаҩцәа раттестациа амҩаԥысра иаҿуп. Аха ҳара туристтә тәыланы ҳаршьарц азы урҭқәа азхом. Атуристцәа аус рыдызуло атуроператорцәа роума, аекскурсиамҩаԥгаҩцәа роума ирҳәоит дара рзы аҵак ду аманы ишыҟоу ашәарҭадара, ацқьара, афатә ахаҭабзиара", — иҳәоит Гарцкьиа.

Аминистр иажәақәа рыла асезон аҽазыҟаҵара планла имҩаԥысуеит.

"Ҳара макьаназы иҳаздырам асезон шыҟалаша. Уажәазы асасааирҭақәа рахь азыҳәақәа ҟазҵо рхыԥхьаӡара маҷуп. Егьырҭ атәылақәа иҳаԥыргоит, урҭ рсервис акырӡа еиӷьуп. Араионқәа рхадацәа адҵақәа рыҭоуп иҟарҵашазы. Ҳтәыла ахьӡ-аԥша аҭыгара зегьы ҳаицхырааны иҳалҳаршароуп. Атурист ицәыӡра – ахашәала ацәыӡроуп иаанаго", — иҳәеит Гарцкьиа.

Аилатәара мҩаԥысуан атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба ихантәаҩрала. Аилатәара иалахәын Аԥыза-министр Беслан Барцыц, ихаҭыԥуаа Беслан Ешба, Аслан Кобахьиа, Дмитри Сериков, аминистрцәа, аҳәынҭеилакқәа рхантәаҩцәа, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0