Мушьни Миқаиа изку ахәылԥаз Аҟәа имҩаԥысит

© Sputnik Бадраҟ АҩӡбаМушьни Миқаиа ихәалԥыз
Мушьни Миқаиа ихәалԥыз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет, ашәҟәыҩҩы Мушьни Миқаиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит.

АҞӘА, 27 апр – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апоет, ашәҟәыҩҩы Мушьни Миқаиа изку ахәылԥаз мҩаԥысит иахьа Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотека ахыбраҿы.

Агәырӷьаратә еиԥылара иалахәын апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, Мушьни Миқаиа иҭынхацәа, иҩызцәа, ирҿиара иазҿлымҳау аԥхьаҩцәа.

"Иахьа даҽазнык аԥхьаҩцәеи уареи шәеиԥылоит, абра иҟоуп еицырдыруа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа. Шамахамзар убарҭ зегьы ажәак, ҩажәак ухызымҳәаац аӡәгьы дыҟаӡам, уҩызцәа гәакьацәа, даҽазнык умш иира удаҳныҳәалоит", — иҳәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа.

Аиԥылараҿы иқәгыланы ицәажәоз ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа иазгәарҭон Мушьни Миқаиа аԥсуа сахьаркыратә литература аҿиараҿы илшара акыр ишырацәоу. Аусмҩаԥгатә аҟны ашколхәыҷқәа апоет иажәеинраалақәа ирыԥхьон.

"Сара скандидатӡам, сдокторӡам, сагьакадемикӡам, аха сара сҭоуп Тур ихәытәи аԥаимбарцәа ракадемиа, уи аҵкыс иеиҳау даҽа ҵараиурҭак аҭурых иамҳәаӡацт. Сара уи академиа сҭоуп иахьагьы, ԥсраҽнынӡа убарҭ аԥаимбарцәа рҳәатәы, иҟарҵаз, ируыз, рыламыс, рыпату раҳаны искызар сҭахуп", — иҳәеит аиқәшәара еиҿызкаази иалахәызи иҭабуп ҳәа раҳәо Мушьни Миқаиа.

Ахәылԥаз акәашареи ашәаҳәареи агмызт, ԥсыуа маҭәала еилаҳәаз ахәыҷқәа иқәԥраа икәашеит, урҭ дрылан Мушьни Миқаа имаҭа хәыҷгьы. Ашәаҳәаратә ҟазараа ааирԥшит Кәасҭа Ченгьелиа, уи апоет иажәеинраалақәа руак иалхны ииҩыз ашәа иҳәеит.  

Мушьни Миқаиа дравторуп хыԥхьаӡара рацәала ажәеинрралақәа еизызго ашәҟәқәа, апрозатә рҿиамҭақәа. Уи ипрозатә ԥҵамҭақәа иаарылукаартә иҟоуп ароман "Ахҟа" Аԥсны аҭоурых еиуеиԥшым апериодқәа аазырԥшуа арҿиамҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0